Москватәи аҳақьымцәа азыхиоуп ацхырааразы Аԥсныҟа аара

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТестирование на антитела к коронавирусу
Тестирование на антитела к коронавирусу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4126-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2170-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 38-ҩык.

АҞӘА, жьҭаара 30 – Sputnik. Москва иҟоу Аԥснытәи аҳақьымцәа реиҳараҩык азыхиоуп COVID-19 ауааԥсыра рацәыхьчаразы Аԥсныҟа аара, абри атәы лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аҳақьым неонатолог-реаниматолог Викториа Ҭарԥҳа.

"Аҳақьымцәа хиоуп. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра еиҿнакаараны иҟоу аофициалтә биуркратиатә ҭагылазаашьақәак рҭыԥ ишықәырҵалак азҵаара ӡбахоит", - лҳәоит Ҭарԥҳа.

Лара лажәақәа рыла аҳақьымцәа аофициалтә зыҳәа рзыҟаҵахароуп Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрраҿы, Аԥсныҟа иаарышьҭырц азы.

"Ҳколлегацәа реиҳараҩык маҵзурауаауп, амедусҳәарҭақәа рыҟәшақәа иреиҳабуп ма инапхгаҩцәоуп, урҭ ишааргәаԥхалак зегь кажьны ацара ҟалом. Иахәҭаны иҟоуп аофициалтә зыҳәа", - лҳәоит лара.

Викториа лхаҭа Аԥсныҟа аара дазыхиоуп, аха хҩык ахәыҷқәа лымоуп. Ара лыҟазараан лҭаацәа рыцхыраара лоур, хымԥада, Аԥсныҟа ацхыраарзы даауеит.

Аслан Бжьаниа Москва иҟазаараан аԥсуа ҳақьымцәа дырԥылеит. Аиԥылараҿ ишьҭыхын COVID-19 иадҳәало азҵаарақәеи Аԥсны ауааԥсыра ацхыраара рыҭара азҵаареи.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0