Sputnik амчыбжь: Бжьаниа Москваҟа ицара, атурсезон аихшьаалақәа, абахҭаҿы аԥсра

© Sputnik / Томас Тхайцук Туристы на пляже в Сухуме
Туристы на пляже в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит амчыбжь аҩныҵҟа еиҳа иналукааша ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иҟазаараан дырԥылеит Москва аус зуа аԥсуа ҳақьымцәа, Гәдоуҭатә аковид-госпиталь аҿы аҵәыҵәри анашьҭара еиҿыркааит, Аԥсны ААР абахҭаҿы аҭааҩы лыԥсҭазаара далҵит, амобилтә госпиталь аҟынтәи илырҩааит раԥхьатәи згәы бзиахаз рпациентцәа.

Президент Абхазии Аслан Бжания во время пресс-конференции. - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа аԥсуа ҳақьымцәа дырԥылеит Москва

Илана Амқәабԥҳа, Sputnik

Москватәи аиԥыларақәа

Иаҳхысыз амчыбжь азы еиҳа иналукааша хҭысхеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иҟазаара.

Усутә ныҟәарала Москва иҟаз атәыла ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит. Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Аслан Бжьаниеи Москва аус зуа аԥсуа ҳақьымцәеи реиԥылара. Аиԥылараҟны ирылацәажәан COVID-19 аҿагыларазы Аԥсны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәеи ареспублика ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭареи.

Иара убасгьы Аслан Бжьаниеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩ ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Москва еиԥылеит. Аиԥылара иалахәын Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Бабич, Урыстәыла ахада Иусбарҭа аҳәааԥнытә усеицуразы аусбарҭа аиҳабы Алексеи Филатов.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа еиуеиԥшым рызҵаарақәа, ҷыдала 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аинвестициатә программа апроектқәа.

Уи адагьы Бжьаниа даҭааит Москватәи аобласт ақалақь Електросталь иҟоу агропроааглыхратә комплекс. Акомплекс аиҳабыреи иареи реицәажәараан иазааҭгылан ԥхьаҟа аусеицура алшара.

Акоронавирус аҿагылара

Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы авирус змоу апациентцәа ахьышьҭоу апалатақәа рахь еизакрыла аҵәыҵәри анеираз акоммуникациақәа ҟаҵоуп. Агоспиталь аҿы уахыки-ҽнаки рыла 150 - 180 баллон нырхуеит, аха уажәшьҭарнахыс аҵәыҵәри аныхра 30-40 процент еиҵахоит.

Аԥсны Апарламент ахатәы биуџьет аҟынтәи ҩ-миллион мааҭ азоунажьит акоронавирустә инфекциа аҿагыларазы. Аԥарақәа рзырхахоит ахәшәқәеи аныхратә материалқәеи раахәаразы Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи аҿкчымазаратә, Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭақәа рзы.

Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент ҩ-миллион мааҭ COVID-19 аҿагылара иазоунажьит

Жьҭаара 24 рзы иара убасгьы адырра ҟаҵан Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа ашықәс нҵәаанӡа Москватәи аԥсуа диаспора рҟынтәи ашәарацҵақәа шроуло.

Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҟынтәи илҩаауп раԥхьатәи апациентцәа. Амобилтә госпиталь иаҭахханы иҟалар 150 пациент аднакылоит.

Аԥсны COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҳахоит. Ачымазара змоу рхыԥхьаӡара ԥшь-нызқьҩык ирыцуп, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 42-ҩык.

Аӡбарҭеи аԥсреи

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Драндатәи абахҭаҟны жьҭаара 26 рзы аҭааҩ лыԥсҭазаара далҵит. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар амаҵзуратә гәаҭара мҩаԥгазарц адҵа ҟаиҵеит абахҭаҟны аҭааҩ лыԥсҭазаара дахьалҵыз азы.

Архивное фото СИЗО Дранда - Sputnik Аҧсны
Драндатәи абахҭа аҭааҩ лыԥсра аганахь ала амаҵзуратә усҭҵаара мҩаԥысуеит

Адлертәи араионтә ӡбарҭа ашәахьа, жьҭаара 26 рзы Ахра Аҩӡба ахараԥса ҳәа 100 000 мааҭ иқәырҵеит аурыс-аԥсуа ҳәаа изакәанымкәа дахьахысыз азы. Ахра Аҩӡба аӡбамҭа дахашшаар илшоит, аха иара аӡбамҭа ахашшаара игәы иҭам.

Жьҭаара 26 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аинар Хәарцкьиа 18 шықәса аколониаҿ ахгара иқәырҵеит ҩыџьа ауаа ахьишьыз азы. Аусӡбара мҩаԥысуан аӡбаҩ Роман Кәарҷиа ихантәаҩрала жьҭаара 26 рзы.

Аӡбарҭа аӡбрала Аинар Хәарцкьиа ахарара идҵоуп: гәымбылџьбарала ҩыџьа ауаа рышьразы, абџьар ахархәарала цәгьоурыла амал ахатәтәра, былрала атәым мазара ақәхра.

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа азыӡба 15 мшы рыҩныҵҟа ахашшаара ҟалоит зус рыӡбо, ма аганқәа азыӡба атекст рнапаҿы ианрырҭалак ашьҭахь.

Аинар Хәарцкьиа ахара ихароуп ҳәа иԥхьаӡам ихара шьақәырӷәӷәахаанӡа, аӡбарҭа азыӡба азинмчра аманы ишьақәнаргылаанӡа.

Атуристтә сезон цәгьамызт

600 нызқьҩык инарыцны атуристцәа Аԥсны иаҭааит нанҳәа 1 аахыс ҳәа иҳәеит ареспублика атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба жьҭаара 28 рзы апресс-конференциаҿ. Хышба иажәақәа рыла ари ҵыԥхтәи ашықәс абри аамҭазтәи арбага иабжоуп.

Аминистр иазгәеиҭеит 2020 шықәса рзы аҭыԥ змоу акоронавирустә ԥкырақәа инарыдҳәаланы ареспублика аҩныҵҟатә туризм аизҳара шаиуз.

Убас Риҵатәи амилаҭтә парк 2020 шықәса нанҳәа-жьҭаара амзақәа рзы ҩынтә еиҳаны атуристцәа аҭааит 2019 шықәса иара абри аамҭа азы аасҭа.

Риҵатәи апарк хымз рыла иарҳаит 95 миллион 826 нызқь 800 мааҭ, 2019 шықәсазы – 57 миллион 779 нызқь 200 мааҭ.

Иара убасгьы Афон Ҿыц аҳаԥы аҭаашьа шыҟоу. 2019 шықәсазы атуристтә обиект иаҭааит 128 541-ҩык, сынтәа - 116 256-ҩык.

Аэропорт Сухум им. В.Г. Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: Аԥсны ақәгәыӷуеит аҳаиртә баӷәаза 2023 шықәсазы аусура иалагап ҳәа

Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза азҵаара далацәажәо – хымԥада иаарттәуп, аха уи аҟаҵара уадаҩуп иҳәеит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.

Убри аан Аԥсны ақәгәыӷуеит аҳаиртә баӷәаза 2023 шықәсазы аусура иалагап ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа РИА Новости аинтервиу аҭо.

"Агәра згоит апроект нагӡахап ҳәа, асовет аамҭақәа раан аиԥш Москвеи Аҟәеи рыбжьара аҳаиртә еимадара ҟалап ҳәа. Ҩба-хԥа шықәса ҳадхаларгьы уи алыршара ауеит. Иқәҿиарахон абаӷәаза аусура 2023 шықәсазы изалагар", - иҳәеит Бжьаниа.

Ашьапылампылтә жәабыжьқәа

Жьҭаара 28 рзы Аԥсуа шьапылампыл ааӡамҭа Леон Сабуа, аклуб "Краснодар" азы ихәмаруа, "Краснодари" "Челси" реицыхәмарра далахәхеит.

Аԥсуа спортсмен изы "Челси" ацыхәмарра дебиуттә хәмаррахеит ачемпионцәа Рлигаҿ.

Ашьапылампыл азы Аԥсны Ахраҿа афиналтә хәмарра мҩаԥысит астадион "Динамо" аҿы амҽыша, абҵара 1 азы. Аиԥылара мҩаԥыргон гәдоуҭатәи "Риҵеи" "Гагреи".

Аҵыхәтәантәи ампыл амба иҭаиршәит гагратәи ашьапылампыласыҩ Никита Ашәба– 2:1. Ахәмаррагьы иара убри ала ихыркәшахеит.

Иреиӷьу ахәмарыҩ ҳәа далкаан "Гагра" ашьапылампыласыҩ Георги Дгебуаӡе.

Ажәабжьқәа зегьы
0