Гәдоуҭа араион аҿы араса аплан рзынамыгӡеит акәыкәбаачымазара иахҟьаны

© Sputnik / Томас ТхайцукОчиститель ореха
Очиститель ореха  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра адыррала 2020 шықәса абҵарамзанӡа ареспублика тоннак рҟынӡа араса атәыла иалнагеит. Ари 85% рыла 2019 шықәсазтәи арбагақәа иреиҳауп.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион ахәшә азымхаразы арасазы аплан азынамыгӡеит ҳәа иҳәеит ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Иури Кәарцхьиа.

"Араион аҿы 161 гектар араса еиҭаҳауп. Ҵыԥх 42 тонна еизаагеит, сынтәа - 60 тонна, иазыԥхьагәаҭан 150 тонна. Мзызны иҟалаз акәыкәбаачымазара ацәырҵроуп. Ҵыԥх ахәшә ԥыҭк ҳаман, араса ҳхәышәтәит, сынтәа  хәшәыда ҳаанхеит", - иҳәоит Кәарцхьиа.

Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы Sputnik иазеиҭарҳәеит сынтәатәи асезон азы ахәшәқәа рымамзаара аҭыԥ шамаз, аха ҽааназы Урыстәыла ацхыраарала афунгицидқәеи апестицидқәеи шырхиоу.

Продажа ореха на рынке - Sputnik Аҧсны
Аҽаҩра бзиа: Аԥсны ашәырқәеи арасеи рекспорт иазҳаит

"Иҳамоу Аԥсны зегьы иазхоит ҳәа ҳазҳәом аха ачымазара ахы ахьцәырнаго ахархәара раҳҭоит. Ҽааны, ааԥынра ишалагалак анхацәа ахәшә шаны ираҳҭоит амармалташь пти акәыкәбаачымазареи араса рацәгаразы", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәыш.

ара иазгәеиҭеит ахәшә шаахәахо ақыҭанхамҩа ацхыраара аҭаразы Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра инақәыршәаны 137 миллион мааҭ рыхә. Араса ахәыәштәра аҭахуп шықәсык ахь ҩынтә ҳәа иҳәеит Хагәыш.

Иара иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа рацәак ишҽеимызгьы 70-80% араса аиқәырхара шалшаз. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла 2020 шықәса абҵарамзанӡа ареспублика 1000 тонна рҟынӡа араса атәыла иалнагеит. Ари 85% рыла 2019 шықәсазтәи арбагақәа иреиҳауп. Аалыҵ кьылактәи ахәԥса  120 - 150 мааҭ иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0