Аԥсны даҽа 79-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Гемотест" начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию
Гемотест начинает делать анализы на коронавирусную инфекцию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 4505-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 2440-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 47-ҩык.

АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 зцәа иалоу реилкааразы атестқәа 402 ҟаҵан, урҭ рахьтә акоронавирус аарԥшын 79 тест рҟны ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аоперштаб иаанацҳауеит аҟәатәи гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны иԥсҭазаара дшалҵыз 1932 шықәсазы ииз апациент. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит иԥсыԥ лагаҩагара акыр ицәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра иманы. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, абҵара 3 рзы идунеи иԥсахит.

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны лыԥсҭазаара далҵит 1936 шықәсазы ииз апациентка. Лара ахәышәтәырҭа дҭашәеит лыԥсыԥ лагаҩагара акыр илцәыцәгьаны, ҩганктәи агәыҵәкра лыманы. Иақәнагаз атерапиа шылзымҩаԥыргозгьы, абҵара 2 рзы лдунеи лыԥсахит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 121-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 103-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 21-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык, илҩаауп 10-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 33-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 61-ҩык апациентцәа. 56-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0