Гәылрыԥшьтәи аполигон аҳҭнықалақь ацрыҵқәа макьаназ адкылара алшом

© Sputnik / Томас Тхайцук Мусорная свалка в городе Гал
 Мусорная свалка в городе Гал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны аиҳабыра 36 гектар адгьыл Кациқыҭ аҳаблаҿы абзазаратә црыҵқәа рполигон азы иалырхит.

АҞӘА, абҵара 5 – Sputnik. Кациқыҭ ақыҭаҿ иҟоу Гәылрыԥшьтәи аполигон азыхиам Аҟәа ақалақь иатәу абзазаратә црыҵқәа рыдкылара ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Аслан Бараҭелиа.

Аҟәа ауааԥсыра Алашарбагатәи агәамсамкаԥсарҭахь 2018 шықәсазы амҩа анадыркы ашьҭахь аиҳабыра аполигон ҿыц аартразы аӡбра рыдыркылеит.
Убас, 2019 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны аиҳабыра 36 гектар адгьыл Кациқыҭ аҳаблаҿы абзазаратә црыҵқәа рполигон азы иалырхит.

"2018 шықәса рзы иҟаз аҭагылазаашьақәа инарыдҳәаланы аполигон ҿыц аартра азҵаара ҵарны иқәгылеит. Уаанӡатәи атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба идҵала Гәылрыԥшь араион аҿы адгьылҭыԥ алхтәын. 1989 шықәса рызгьы иҟан аусдҵа Гәылрыԥшь араион аҿы аполигон аартразы. Усҟан ари аус иазоужьын 30 гектар адгьыл. Иазыԥхьагәаҭан азауад аргылара. Ақьаад аҿы зегь еиқәышәшәа иҟан, аха аусурақәа мҩаԥгамызт. 2018 шықәса рзы аполигон аартразы ашәҟәы анҳау иаԥҵан адгьылтә комиссиа. Акомиссиа Кациқыҭ инеиит", – иҳәоит Бараҭелиа.

Аполигон аиҿкаара амҩаԥысшьа ахылаԥшра ахахьы иагеит Аминистрцәа реилазаара. Иазыԥхьагәаҭан иара асанитартәи аекологиатәи нормақәа ирықәшәо аҟаҵара.

Мусорная свалка в городе Гал - Sputnik Аҧсны
2020 шықәса нҵәаанӡа Гал араион иҟоу агәамсамкаԥсарҭа ҭәуеит

Аха арҭ аҩышықәса рыҩныҵҟа ари аҭыԥ аҿы иарбанызаалак усура мҩаԥгамызт.

"Гәылрыԥшь араион азыхиам ацрыҵқәа рыдкылара. Аусдҵақәа анрыдыркыла ашьҭахь аҭыԥ аҿы аусурақәа ҳәа акгьы мҩаԥгамызт", - иҳәеит иара.

Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Агрба иажәақәа рыла апроект Аинвестпрограмма иалоуп, иахьазы Урыстәыла аекспертиза иахысуеит. Аполигон аргылара азыԥхьагәаҭоуп 2021 шықәсазы.

Аҟәа ауааԥсыра Алашарбагатәи агәамсамкаԥсарҭахь 2018 шықәсазы амҩа анадыркы ашьҭахь аиҳабыра аполигон ҿыц аартразы аӡбра рыдыркылеит.

Мшаԥы 12, 2019 шықәсазы Аҟәа ақалақьи Гал араиони рхадацәа Адгәыр Ҳаразиеи Ҭимур Надараиеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Гәылрыԥшьтәи аполигон аартхаанӡа Аҟәа иатәу агәамсам Гал араионаҿтәи агәамсамкаԥсарҭахь инаргаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0