Кындыӷ ақыҭаҿы амҩатә машәыр иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит

© Foto / МЧС АбхазииАвария в с.Кындыг
Авария в с.Кындыг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҩатә машәыр ҟалеит ареспубликатә трасса Ԥсоу-Егры аҿы ахәылбыҽха, асааҭ быжьба рзы.

АҞӘА, абҵара 6 - Sputnik. Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭаҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Авариа ҟалеит ареспубликатә автотрассаҿы. Автомашьынақәа, "Мерседес"-и ВАЗ-2107-и ааихеит ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

© Foto / МЧС АбхазииАвария в с.Кындыг
Кындыӷ ақыҭаҿы амҩатә машәыр иахҟьаны ԥшьҩык ауааԥсыра ҭахеит - Sputnik Аҧсны
Авария в с.Кындыг

Адыррақәа рыла иҭахаз ВАЗ апассаџьырцәа роуп. "Мерседес" аԥсҟы зкыз аахақәа иманы амедусҳәарҭахь днагоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0