Ауаҩы данииуа иразҟы ицыршоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский фестиваль "Апсны"
Абхазский фестиваль Апсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дарбанзаалак ауаҩы илахь иану дышзацәымцо азы ҭоурых џьашьатәык ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Иара даниуаз ауха ашацәа ааизан, илахьынҵа рчаԥеит."Абри абас лахьынҵас имазааит" рҳәан ицеит. Абас дасу данииуа ицыршоит рҳәон ажәытәуаа ауаҩы илахьынҵа. "Алахьынҵа узавсуам" рҳәалоит ирлас-ырлас.

Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы

Ауха ахшара дзауз аԥҳәыс илыдтәалан уи деилзыргози илыцхраауази. Дара ирызгәаҭомызт, аха ашацәа ааины итәан ииз арԥыс илахьынҵа рыхәшьадырц. Изҳаит иара дарԥыс бзианы, шәагаала рацәак дыҟамзаргьы, деилыхха, деибаганы дыҟан, знык дықәԥраа акәашаразы данықәлалакгьы уиршанхон. Иҷкәынра данааҭагыла, ҭыԥҳак бзиа дибеит, иаразнак иԥхыӡ иалалеит уи иара диразҟхарц. Данииуаз ауха ашацәа ирыӡбаз иара иабеидыруахыз, длызхәыцуан бзиа иибаз. Лара ԥшреи сахьалеи акыр иара иаҵкыс деҩцан, иара иеиԥш илышьҭаз рацәаҩын. Деибагаӡа дшыҟазгьы ҳфырхаҵа, бзиа иибоз илеиҽырбоз риааира илымшеит. Дыргеит лара ҭацас лхаҭа данииуаз дыззыршаз. Акыр игәнигеит арԥыс иразҟы ахьицымныҟәаз, гәҭакысгьы ишьҭихит, ари аԥшӡа дианамхаргьы, лыжәла зыжәлоу, лара илыҵкару уеизгьы-уеизгьы ԥҳәысс дигарц. Уара иуӡбуа Ацәа иуциҳәома, дасу иразҟы ицыршоит рымҳәои.

Ауаҩы данииуа иразҟы ицыршоит

Аамҭа цеит, аҽны сабшан, ари арԥыс акыр дхатәрахахьан, иԥҳәысаагара инахыԥоума уҳәо днеихьан. Уажәшьҭа сразҟы сыԥшааит ҳәа игәы рҭынчны, аҭацаагаразы иҩызцәеи иареи амҩа ақәлара рҽаздырхиахьан. Игәы ишҭеикхьаз еиԥш, дыркааны диман, анкьа бзиа иибоз, уажәгьы дзызхәыцлоз илыжәлантәыз ҭыԥҳак. Лара актәи леиԥш сахьала деҩцамзаргьы, бзиа иибоз длыжәлантәын, убри аҟынтә игәҭакы наӡаны дыҟоушәа инарбон. Иара даниуаз ауха ашацәа ирҳәахьаз иара иабеидырхуаз, амҩа иқәын иҩызцәеи иареи ҭацаагара.

Абхазский долгожитель - Sputnik Аҧсны
Лахьынҵа узаахәом, насыԥ каршәны иубом: аԥсуаа рдунеихәаԥшразы азгәаҭарақәак

Иаб игәараҿы зегь дырхиахьан, "Радеда" ҳәа аҭаца ашҭа лҭагалара ада ус ыҟамкәа. Ус шакәызгьы, дасу даниуа иразҟы ицрымшои, убри аҟынтә аразҟы аус аҿы акәаԥ аргылара заацәан. Ԥҳәысаагара ицоз иара дызҭахызгьы даҽаӡә дыҟазаарын, аха иара лара дышлыхәамԥшуаз лдыргәышьон, убри аҟынтә, ичарахь ацара лҽазыҟалҵон, лгәы еиқәҳәаланы.

Иааит аҭаацаагацәа иргараны иҟаз аҭаца дахьынхоз. Иааит аха, ираҳаз ажәабжь ршьапы рыҵнарҟьеит. "Шәҭаца иаха хаҵа дцеит", - рҳәеит. Ачара ахьыҟаз еилашуан аԥсҭазаара. Акәац ажәразы иақәдыргылахьан, абысҭагьы амца аҵан, амаҵуцәа аԥыраҳәа рымӷаҵаны ашьаԥа дырхион. Аҭцаагацәа ираҳаз ршьара иаақәнарҟьеит. Еиҳабыс ирыцыз, ахьымӡӷ имгарц азы, иаразнак ихәыцит иҟаиҵашаз. Аԥҳәыс дыззыргоз бзиа дызбоз дара дырҩызан, ачарахь ацарагьы лыҽшазыҟалҵоз имдырхуази. Ахьышәҭҳәа иҩызцәа иманы дцеит ԥҳәыс дызгоз бзиа дызбоз лынхарҭахьы. Иҩызцәа ҵаҟа иԥшын, иара дынхалеит лынхарҭахь. Данааиҿаԥш иааџьалшьеит азнаказы.

"Ачарахь бцозар, ҳара баҳгоит, ҵаҟа ҳабзыԥшуп бҽеибыҭа", иҳәан даалбааит. Ларгьы даныршоз лразҟы рчаԥахьан, ауаха ашацәа ирыӡбеит "абригь-абригь аҽны абри лхаҵацара абас иазыԥҵәазааит" ҳәа, нас улахь иану узацәцома?!

Лҽеибыҭан данылбаа, уамашәа илбеит аҭацаагацәа зегь лыҩны аҵаҟа иахьгылаз. Азныказы иҟалаз лзеилымкааит, аха усгьы, бзиа илбоз ицәаара данахьыԥшы ахьышәҭҳәа аҭацаагацәа рмашьына дынҭатәеит. Аҭацаагацәа реиҳабы ақьаӷьариараҿы акыр дҟазазаарын, амашьына иҭатәаз аҭыԥҳа агәра лиргеит рхәеит, иахьа ҭацас иззыԥшу лара шлакәыз, ари лгәылҽанӡамкәа ажәа илнырҵаз заа  ихәыцны ишыҟаз. "Бара боуп ари ииҭахыу, бақәшаҳаҭзар ҳдәықәлоит", ҳәа азҵаатәы анлоу, рацәак ииҳәаз агәра лымгозаргьы, дзеиԥхыӡуаз арԥыс лыԥсҭазаара имадара мап ацәылмкит.

Силует девушки - Sputnik Аҧсны
"Илбаз иакәӡам дыззааргаз..."

Ақалақь иналаԥшын, аҭацаҵкы рыԥшаан, абзиабара акыр иархәыцхьаз аҭыԥҳа деибырҭеит. Ачара ахьыҟаз ашҭаҿы иззыԥшыз лакәымкәа, аҭацаагара ашәа ҳәо, иара данииз ашацәа изыршаз аҭыԥҳа дрыманы ашҭа инҭалеит. Иара уи аҽны арҭқәа рызхәыцха имамызт, аҭаца дырмоукәа рчара еилаҳаит ҳәа ахьымӡӷ игарц акгьы агмзыт, убри аҟынтә, иаалырҟьаны аҭацаҵкы зышәҵаны иашҭа иҭалаз Нцәахәны дибон уажәазы. Дасу иара иразҟы ицрымшои, иабеидыруаз иара иихәыцуаз акәымкәа, разҟыс имаз лара шлакәыз. Инхоит, инҵуеит рхәеит иахьагьы, уажәшьҭа рмоҭацәагьы рыҵагылеит.

Абас иҟоу аҭоурых анудыруа, хымԥада, агәра мгашьа ҟалом, ауаҩы данииуа иразҟы шицыршо, уи ахыԥашьагьы шамам. Ауаҩы даниуа иразҟы ицыршоит, улахь иану узацәцаӡом захьӡугьы абри акәхап…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0