Аԥсны ААР: зыԥшаара иаҿыз аҭыԥҳа ҭелла лҭаацәа рыҽрымалдеит

© Foto / Яна УсенкоДарья Пархоменко
Дарья Пархоменко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәаф-шықәса зхыҵуаз Аҟәа инхо Дариа Пархоменко абҵара 6 рзы аҩнынтәи дцеит, Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа дахысит, уинахыс лыӡбахә ыҟамызт.

АҞӘА, абҵара 9– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәаф-шықәса зхыҵуаз Аҟәа инхо Дариа Пархоменко абҵара 6 рзы аахыс зхабар ыҟамыз лҭаацәа аҭел дырзасит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы.

Дарья Пархоменко - Sputnik Аҧсны
16 шықәса зхыҵуа Аҟәа инхо Дариа Пархоменко дыӡит

Аусбарҭаҿ ирҳәеит аӡӷаб лҭаацәа адырра шыҟарҵаз азинхьчаратә усбарҭақәа рахь.

"Абри аганахь ала аусҭҵаара хацыркын. Еизгоу аматериал ала ишьақәырӷәӷәоуп лара абҵара 6 2020 шықәса рзы аурыс-аԥсуа ҳәаа дшахысыз, Урыстәылатәи Афедерациа аҵакырахь дышнеиз", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Уажәы лара лҭаацәа аҭел дырзасит, иҟоу шыҟоу аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит.

Жәаф-шықәса зхыҵуаз Аҟәа инхо Дариа Пархоменко абҵара 6 рзы аҩнынтәи дцеит, Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа дахысит, уинахыс лыӡбахә ыҟамызт.

Уаанӡа аӡӷаб лан лаҳәшьа Иана Усенко Sputnik иазеиҭалҳәахьан аӡӷаб лҭаацәа рыԥҳа лпаспорт шыҟамыз анырба ашьҭахь Даша лани лаби аурыс-аԥсуа ҳәаахь ицеит. Уа аҳәаахьчаҩцәа ииасуаз рсиала ирарҳәеит аӡӷаб аҳәаа асааҭ 14:55 рзы дахысит ҳәа. Лара аҳәаа лхала дахысит. Ауаажәларратә транспорт дақәтәеит. Азинхьчаратә усбарҭақәа лықәра наӡамызт азы аҭаацәа рырзаҳал иаразнакы ирыдыркылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0