Адәныҟатәи аусқәа рминистрра: Аԥсны Женеватәи аформат мап ацәнакуам

© AFP 2023 / FABRICE COFFRINIЗдание Объединенных Наций (ООН) в Женеве
Здание Объединенных Наций (ООН) в Женеве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд 2020 шықәса ааԥынразы имҩаԥысраны иҟан, аха акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны иахыган.

АҞӘА, абҵара 13 - Sputnik. Аԥсны Женеватәи аформат мап ацәнакуам, Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы акрызҵазкуа механизмны иахәаԥшуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Ақаҩба: ҳшәарҭадара ашьақәырӷәӷәароуп иаҳҭаху

Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахҳәаа анаҭеит ОБСЕ иҟоу Еиду Америкатәи аштатқәа рыцҳаражәҳәаҩ Џьеимс Гилмор Вена, абҵара 12 рзы ОБСЕ иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Ахеилак аилатәараҿы иқәгылара. Уи иқәгылараҿы иазгәаҭан Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура аспектқәак.

Ҷыдала Гилмор дазааҭгылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд, 2020 шықәса ааԥынразы имҩаԥысраны иҟаз, аха акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны иахыгаз. Иара игәаанагарала, аиҿцәажәарақәа реилатәара аурыс ган заанаҵ гәҭакыс иҟаҵаны еиԥнаҟьеит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭеит усҟан араунд арыцхә ахыгара зыдҳәалаз ачымазара аламырҵәара шакәыз, иарбанзаалак даҽа мзызк аԥшаара шаҭахым.

"Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура иалахәу аганқәа зегьы рзы аинтерес рыҵоуп. Абри уажәшьҭа зегьы еилкаауазар ахәҭан, ари атемалагьы аспекулиациа иаҟәыҵыр еиӷьын", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иазааҭгылеит Гилмор Урыстәыла аганахьала "ихыҭҳәаау аҽԥныҳәақәа" шыҟаиҵоз, Урыстәыла акәзар, абжьаҟаза ҳәа акәымкәа "аимак аган" ҳәа шазиҳәаз. Иара убасгьы ЕАА ацҳаражәҳәаҩ иқәгылараҿы иубарҭан акцентқәа рыԥсахра иҽшазишәози Женеватәи аиҿцәажәарақәа ртема алацәажәара иҽшацәхьеикуази.

Делегация МИД Абхазии примет участие в 37-м раунде Женевских дискуссий - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аинтересқәа Женева рыхьчаразы апрограмма шьақәырӷәӷәоуп

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иазааҭгыланы ирҳәеит Аԥсны ԥхьаҟатәи аусеицура ишақәгәыӷуа зегь еицырзыманшәалоу алҵшәақәа роуразы.

Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза раахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны. Иахьазы ари аҭыԥ заҵәоуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла еиқәшәаны еицәажәар ахьрылшо. Иара иалахәуп: Урыстәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа (ЕАА), Ихьыԥшым амилаҭқәа реиҿкаара (ИАР - ООН), Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Европатәи аиҿкаара (ААЕА - ОБСЕ), Евроеидгыла рхаҭарнакцәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0