Аԥсны атуристтә бренд алоготип аԥҵаразы аконкурс рылаҳәоуп

© Sputnik Новый Афон
Новый Афон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконкурс ахь арзаҳалқәа рыдкылара иалагоит абҵара 15 инаркны. Иаиааиз 50 нызқь мааҭ аԥара ианашьахоит.

АҞӘА, абҵара 14 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистрра атәыла атуристтә бренд алоготип аԥҵаразы аконкурс рыларҳәеит ҳәа аанацҳауеит аминистрра асаит.

Аконкурс ԥшь-етапкны еихшоуп:

  • Абҵара 15 инаркны ԥхынҷкәын 26-нӡа -аконкурс иалаху русумҭақәа рыдыркылоит, аелектронтә ԥошьҭахь Abkhazia-travel@yandex.ru.
  • Ԥхынҷкәын 26-27 рзы аҟазауаа рхеилак иалыркаауеит аусумҭақәа жәаба.
  • Ԥхынҷкәын 28 инаркны жьҭаара 2021 шықәсазы- аҟазауаа рхеилак иалыркааз аусумҭақәа жәаба рҟынтә, ауаажәларра рыбжьыҭарала иалырхуеит х-усумҭак. Абжьыҭара мҩаԥыслоит аминистрра асаит аҟны.
  • Жьҭаара 20-22 рзы- аконкурс акомиссиа иалыркаауеит ауаажәларра иалырхыз х-усумҭак рҟнытә усумҭак.

Аконкурс иаиааиз ианашьахоит 50 нызқь мааҭ аԥара, иара убас алшара ирҭоит Аԥсны атуристтә бренд алоготип аԥҵаразы. Аминистрра асаит аҟны иарбоуп алоготип аԥҵаразы иаҭаху адҵа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0