"Аԥсныаалыҵекспорт" х-нызқь тонна рҟынӡа афеихоаи ацитрусқәеи ралгара иақәгәыӷуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор фейхоа в гулрыпшком районе
Сбор фейхоа в гулрыпшком районе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы Аҳәынҭеилакы ауааԥсыра афеихоа рымнахәҳауеит, амчыбжь нҵәаанӡа ацитрусқәа раахәара иалагоит.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik. Аҳәынҭеилакы "Аԥсныаалыҵекспорт" 2020 шықәсазы ҩбеи бжаки - хнызқь тонна афеихоаи ацитрусқәеи атәыла иалганы рышьҭра азԥхьагәанаҭоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит анаплакы ахада Амиран Лагәлаа.

Даур Арнаут - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арнауҭ: ҳауаажәлар иаадрыхуа афеихоа зегьы ҳадаҳкылартә иҟалоит

"Ауаа ишеизырго ауп ҳаргьы аалыҵ шҳауа. Цәгьарак ҟамлар, иазԥхьагәаҭоу акапан ҳаур алшоит", - иҳәеит иара.

Иахьазы Аҳәынҭеилакы ауааԥсыра афеихоа рымнахәҳауеит, амчыбжь нҵәаанӡа ацитрусқәа раахәара иалагоит. Афеихоа аахәараан иазгәарҭоит уи ахаҭабзиара, аҟалара, изаҟароу, ианҿыху. Урҭ роуп ахәԥсагьы шьақәзыргыло.

"Афеихо шьҭахар, итатахоит, уи амҩангараан иԥхасҭахар алшоит. Иҟоуп атауар, акомпот мацара злыҵуа. Уи ахәԥса 10-12 мааҭ артәоит. Зегь иреиӷьу иартәоит 30-35 мааҭ", - иҳәеит Лагәлаа.

Ацитрусқәа рыхәԥса шьақәыргылам, аха аҭиҩцәа рзы иманшәалахап ҳәа сыҟоуп иҳәеит "Аԥсныаалыҵекспорт" анапхгаҩы. Афымцарцәара ҳара ԥырхага ҳнаҭом ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Архьшәашәага дуқәа ҳазгылоуп. Ҩ-сааҭк инареиҳангьы алашара аныҟам атемпературатә режим шыҟац иаанхоит", - иҳәеит Лагәлаа.

"Аԥсныаалыҵекспорт" урыстәылатәи аилахәырақәа аус рыцнауеит. Аҳәынҭеилакы ауааԥсыра ирымнахәҳауеит аалыҵ. Атауар еилыршәшәаны аекспорт ирышьҭуеит.

Виталий Цвижба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҵәыџьба: амандарин аҭаара ҳазыхиоуп, аҽаҩрагьы уаргәырӷьартә иҟоуп

Урыстәыла аҳазалхратә ҭыԥ "Аԥсныаалыҵекспорт" азин анаҭоит заанаҵы атауар ашәҟәы иҭанагаларц иҳәеит иара.

"Аекспорт знапы алаку рзы еиҿкаауп аелектронтә центр. Аԥсны ауааԥсыра, аекспорт знапы алаку зегьы азинмчра змоу аброкер ила адекларациа нарышьҭыр рылшоит", - ҳәа иҳәеит Лагәлаа.

Ареспубликатә унитартә наплакы "Аԥсныаалыҵекспорт" аԥҵан 2017 шықәса рзы. Анаплакы иамоуп аалыҵҵәахырҭа Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблаҿы. Аҵәахырҭа ргылан атәыла асоциал-економикатә ҿиара Акомплекстә план иазоунашьҭыз 118 миллион мааҭ рыла. Ахархәарахь ирыҭан 2014 шықәса рзы. 2019 шықәса рзы 500 тонна аалыҵ рыдыркылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0