Жьҭаара 21 раахыс ҩ-нызқь инареиҳаны амаининг хархәагақәа аҳәааҿы иааныркылахьеит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг криптовалют
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 21 раахыс Аԥсны аҵакырахь амаининг хархәагақәа ралагалара азин аанкылоуп ҩымз рыҩнуҵҟа.

АҞӘА, абҵара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жьҭаара 21 раахыс аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" иааныркылахьеит 2 143 ак акриптовалиута аиуразы атехника ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гәырам Инаԥшьба.

"Ирымаҳхыз амыругақәа макьаназы аҳазалхратә ҭыԥ аҿы иҟоуп. Алагалара ахьыҟамло азы урҭ Урыстәылаҟа рырхынҳәрагьы ҟалом. Есыҽны партиа-партиала иаанаҳкылоит. Ауаа автомашьына ласқәа рыла риагара рҽазыршәоит. Иаанкыланы ирымаҳхуеит", - иҳәеит иара.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара цәыббра 21 2020 шықәса рзы акриптовалиута аиуразы аусура аҭышәныртәалараз ақәҵара аднакылеит. Иара убасгьы Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылеит атариф ҷыда амаинерцәа афымцалашара ахә ахыршәааразы. Жьҭаара 21 аахыс Аԥсныҟа амаининг хархәагақәа ралагалара азин ыҟам.

Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик - Sputnik Аҧсны
Уахыки-ҽнаки рыла хынтә: афымцалашара арцәара аграфик

Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭалатәи афымцарцәара иалагеит абҵара 15 рзы. АУН "Амшынеиқәафымцамч" адҵа инақәыршәаны ишьақәыргылоуп афымцарцәара аграфик.

Аусбарҭа аҟазауаа ареидқәа мҩаԥыргоит закәаншьаҭада афымцахархәаҩцәа раарԥшразы, урҭ аенергосистема иаҟәырхуеит.

Анаплакы адиректор хада Михаил Логуа иажәақәа рыла ргәы ишаанагоз аасҭа апроблемақәа рацәоуп.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла Аԥсны афымцамч ахархәара есышықәса 5−9%, еизҳауеит, иҟоу алшарақәагьы азхоны иҟам. 2021 шықәсазы, ЕгрыГЕС аанкылараан ареспублика Урыстәылантәи афымцалашара аиуа иалагоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0