Аԥсны акоронавирус 75-ҩык ирыдырбалеит, ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5174-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3483-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 64-ҩык.

АҞӘА, абҵара 17 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 317-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 75-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы аԥсҭбарақәа ҩба ҟалеит.

Абҵара 16 рзы иԥсҭазаара далҵит 1946 шықәсазы ииз апациент. Иара акоронавирустә инфекциеи ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи иманы ахәышәтәырҭа дҭашәеит жьҭаара 10 рзы. Иақәнагаз атерапиа шизымҩаԥыргозгьы, идунеи иԥсахит абҵара 16 рзы игәеисра аԥсыҽхара иахҟьаны. Иԥсҭазаара далҵит 1938 шықәсазы ииз даҽа пациентк. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит абҵара 9 рзы акоронавирус ицәа иаланы. Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, апациент иԥсҭазаара далҵит ашьыжь, абҵара 17 рзы.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 82-а ауааԥсыра, урҭ рахьтә 73-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 25-ҩык, ибжьаратәуп - 23-ҩык, илҩаауп 13-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 26-ҩык апациентцәа.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 34-ҩык апациентцәа. 29-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, хәҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0