АҞӘА, абҵара 18– Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы ахәшьара бзиа арҭеит акороновирустә ҭагылазаашьазы иалагалаз аԥкыратә усурақәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
"Аҭагылазаашьа даара иуадаҩын. Уажәгьы имариоу акакәым, аха иҳадаҳкылаз ауснагӡатәқәа аус руит, алҵшәақәа ҳамоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы иааубартә еиҵахеит ковид зыдбало рхыԥхьаӡара атестқәа ҟазҵо шырацәахазгьы. Уи агәыӷра ҳнаҭоит", - иҳәеит Шамба.
Шамба иҳәеит Ахеилак аилатәараҿы Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа атәылаҿ COVID-19 аҭагылазаашьа иазкны ажәахә ҟаиҵеит ҳәа.
"Акарантин аамҭа ацҵара ма аԥкырақәа рыцҵара аилатәараҿы ҳрыламцәажәеит. Зегьы уаанӡатәи арежим аҿы иныжьуп. Ҳазлацәажәоз иҟаҵоу алҵшәақәа иамоу ртәоуп", - иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ.
Абҵара 17 азтәи аоперштаб адыррақәа рыла Аԥсны коронавирус змоу рхыԥхьаӡара 5174 инеихьеит, 3483-ҩык ргәабзиара шьақәгылеит, рыԥсҭазаара иалҵит 64-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
"Хымз раԥхьа Кәасҭа Ԥлиеи уи ихаҭыԥуаҩ Игорь Аҩӡбеи ражәалагалала ақалақь аҿы иқәыргылан акәалаԥқәа. Аилибамкаара ҟамларцаз, ажәла мҳәакәа, ахьӡ азгәамҭакәа, акәалаԥқәа кнаҳҳаит аџьармыкьа уахьынҭало, Гал араион ахадара аҩналарҭа аԥхьа. Аинформациатә дырраҭарақәа рыла ажәлар ирылаҳҳәоит агәрагаратә кәалаԥқәа шыҟоу, дарбанзаалакгьы џьара ажәалагалак змоу, араион аҿы иҳахәаша, ма дара иргәамԥхо, ргәы еихьызшьуа акыр ыҟазар, ражәалагала азыӡырҩра, ҳшазыхиоу. Мчыбжьык ахь знык араион ахадеи сареи ҳцаны ақьаадқәа ҭганы иааҳгоит, Кәасҭа Ԥлиа даԥхьоит, анаҩс доусы инаигӡаша аусмҩаԥгатәқәа риҭоит. Иарбанзаалакгьы қьаадк аанымхацт иамыԥхьаӡакәа. Акәалаԥқәа русура иабзоураны галтәи аџьармыкьа аусқәа ҳаӡбахьеит. Амҩақәа рыҟаҵара, абаҳчақәа рҿы атәарҭақәа ахьыргылатәу уҳәа иҟаҳҵахьо маҷым. Иҳәатәуп, ари аус адгылара шаиуз ауааԥсыра рҟынтә, даара ибзиан аус ауеит аимадара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Миқаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Миқаа ашәахьала Гал араион ахадара аусуразы: аицәажәаха аамҭа ҳамаӡам
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 199-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 49-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 7-ҩык, ибжьаратәуп - 21-ы.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 15-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12842-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12387-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 202-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>