Жәымзы рыҩныҵҟа Аԥсныҟа иааргахьеит 43 нызқь ак амаинингтә хархәагақәа

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМайнинг-ферма на территории технополиса "Москва"
Майнинг-ферма на территории технополиса Москва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 21 аахыс Аԥсныҟа азин ыҟам акриптовалиута аиуразы ахархәагақәа ралагалара.

АҞӘА, абҵара 18 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2020 шықәса жәымз рыҩныҵҟа Аԥсныҟа иаагоуп 43 414 ак маинингтә хархәага ҳәа иҳәеит Аԥсны аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Гурам Инаԥшьба Аԥсны Апарламент аилатәараан.

Ингур ГЭС. - Sputnik Аҧсны
Логәуа: амаинерцәа русура 2021 шықәса лаҵарамзанӡа иԥктәуп

Инаԥшьба иажәақәа рыла амаининг хархәагақәа Аԥсныҟа раагара иалагеит 2016 шықәса рзы. Убри ашықәс инаркны 2019 шықәсанӡа арахь иҭагалан 21 218 хархәага.

Ажьырныҳәа 21 аахыс х-нызқь инарзынаԥшуа хархәага зтәу ирымхуп ҳәа иҳәеит аилак ахантәаҩы.

Апарламент аилатәараҿы "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа иазгәеиҭеит рнаплакқәа рҭаҩразы ишрыдҵаалаз 20% амаинерцәа.

"Ахәаԥшраз иҳадгалан 120 материал. Рыбжа иаразнакы мап рыцәкын арҭ араионқәа рҿы афымцамчхара ахьаҳзалмыршоз азы", -  иҳәеит Логәуа амаининг аргаматәра аҭагылазаашьа далацәажәо. Иагьациҵеит иахьазы зыҳәак аҭак ҵоураны ишаҭам".

Аԥсны цәыббра 21 2020 шықәса рзы Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵарала иаԥыхын уаанӡатәи акриптовалиута аиуразы мап зыцәкыз азин. Аиҳабыра ирыдыркылеит ҩ-қәҵарак акриптавалиута аиура ҭышәынзыртәало. Урҭ инарықәыршәаны жьҭаара 21 инаркны Аԥсныҟа алагалара ҟалом амаинингтә хархәагақәа. Абҵара 7 иахымгакәа ари абизнес знапы алаку Аекономика аминистрраҿы уи азы аофициалтә шәҟәы роуроуп ареестр ишану арбаны.

Амаинерцәа рзы афымцалашара ахәԥса мааҭки бжаки ҟалоит. Абҵара 17 рзтәи апресс-конференциаҿы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ақәҵараҿы ишарбо аҭагылазаааашьақәа ирҿырԥшны ари атариф ԥсаххар шалшо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0