АҞӘА, абҵара 18- Sputnik. Амаинерцәа русура ЕгрыГЕС аҟны аусурақәа хыркәшахаанӡа – 2021 шықәса лаҵарамзанӡа иԥктәуп, иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩы Михаил Логәуа атәыла аенергетикатә система аҭагылазаашьа иазкыз Апарламент аилатәараҿы.
АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла Аԥсны иахьаҵанакуа афымцамч ахархәара 5−9% еиҳахеит. Афымцаҳақәа акыр иажәхьеит, ирықәу аидара рзышьҭыхуам. 2021 шықәсазы ЕгрыГЕС аанкылараан Урыстәылантәи афымцалашара ҳауа ҳалагоит.
Аԥсны цәыббра 21 2020 шықәса рзы Аԥсны аминистрцәа реилазаара ақәҵарала иаԥыхын уаанӡатәи акриптовалиута аиуразы мап зыцәкыз азин.
Аиҳабыра ирыдыркылеит ҩ-қәҵарак акриптавалиута аиура ҭышәынзыртәало. Урҭ инарықәыршәаны жьҭаара 21 инаркны Аԥсныҟа алагалара ҟалом амаинингтә хархәагақәа. Абҵара 7 иахымгакәа ари абизнес знапы алаку Аекономика аминистрраҿы уи азы аофициалтә шәҟәы роуроуп ареестр ишану арбаны.
Амаинерцәа рзы афымцалашара ахәԥса мааҭки бжаки ҟалоит. Абҵара 17 рзтәи апресс-конференциаҿы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ақәҵараҿы ишарбо аҭагылазаааашьақәа ирҿырԥшны ари атариф ԥсаххар шалшо.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Хымз раԥхьа Кәасҭа Ԥлиеи уи ихаҭыԥуаҩ Игорь Аҩӡбеи ражәалагалала ақалақь аҿы иқәыргылан акәалаԥқәа. Аилибамкаара ҟамларцаз, ажәла мҳәакәа, ахьӡ азгәамҭакәа, акәалаԥқәа кнаҳҳаит аџьармыкьа уахьынҭало, Гал араион ахадара аҩналарҭа аԥхьа. Аинформациатә дырраҭарақәа рыла ажәлар ирылаҳҳәоит агәрагаратә кәалаԥқәа шыҟоу, дарбанзаалакгьы џьара ажәалагалак змоу, араион аҿы иҳахәаша, ма дара иргәамԥхо, ргәы еихьызшьуа акыр ыҟазар, ражәалагала азыӡырҩра, ҳшазыхиоу. Мчыбжьык ахь знык араион ахадеи сареи ҳцаны ақьаадқәа ҭганы иааҳгоит, Кәасҭа Ԥлиа даԥхьоит, анаҩс доусы инаигӡаша аусмҩаԥгатәқәа риҭоит. Иарбанзаалакгьы қьаадк аанымхацт иамыԥхьаӡакәа. Акәалаԥқәа русура иабзоураны галтәи аџьармыкьа аусқәа ҳаӡбахьеит. Амҩақәа рыҟаҵара, абаҳчақәа рҿы атәарҭақәа ахьыргылатәу уҳәа иҟаҳҵахьо маҷым. Иҳәатәуп, ари аус адгылара шаиуз ауааԥсыра рҟынтә, даара ибзиан аус ауеит аимадара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Миқаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Миқаа ашәахьала Гал араион ахадара аусуразы: аицәажәаха аамҭа ҳамаӡам
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 199-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 49-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 7-ҩык, ибжьаратәуп - 21-ы.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 15-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12842-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12387-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 202-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>