Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русура еиҳа хра аманы иҟаларц азы аусутә гәыԥ аԥҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусутә гәыԥ раԥхьатәи аилатәара мҩаԥысит абҵара 19 рзы. Иара мҩаԥигеит ахада Аслан Бжьаниа.

АҞӘА, абҵара 20- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала иаԥҵоуп Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русура еиҳа хра аманы иҟаларц азы аусутә гәыԥ ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа: Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭра амилициа аусзуҩцәа руалафахәы иацнаҵоит

Актәи аилатәара аартуа, Аслан Бжьаниа иҳәеит дшазыхиоу агәыԥ алахәылак иаҳасаб ала аусура, ари аус иара ибзианы иахьидыруа азы.

"Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа русура еиҳа хра аманы иҟаларц азы аусутә гәыԥ раԥхьатәи еилатәароуп. Имариоу усӡам, адырреи аԥышәеи аҭахуп. Афинанстә ресурсқәагьы иара убас. Даара сақәгәыӷуеит аусура хра аманы имҩаԥыслап ҳәа", - иҳәеит Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит ишхымԥадатәиу "азакәан ишьақәнаргыло аԥҟарақәа инарықәыршәаны анхара".

"Азинтә культура аиҭакрақәа аҭахуп. Ҳтәылауаагьы ҳаргьы уи ҳхы алаҳааӡалароуп. Ари даара акраҵанакуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Аусутә гәыԥ напхгара аиҭоит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0