Аԥсны ашьапылампыласцәа қәыԥшцәа питертәи "Зенит" аҿы агәаҭарақәа ирхысуеит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФутбол. Чемпионат мира - 2014. Матч Россия - Южная Корея. Архивное фото.
Футбол. Чемпионат мира - 2014. Матч Россия - Южная Корея. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Санкт-Петербургтәи ашьапылампылтә клуб "Зенит" Аԥсны ашьапылампылтә академиа афилиал аанартраны иҟоуп аԥсуа зыҟаҵаҩцәа алицензиаиура апроцедура ишахыслак.

АҞӘА, абҵара 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампылтә  клуб "Афон" ахәмарыҩцәа ԥшьҩык Санкт-Петербург, аклуб "Зенит" аҿы Аԥсны "Зенит" ашьапылампылтә клуб академиа аартра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥышәарақәа ирхысуеит ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз апроект акуратор Армен Капикиан.

"Зенит" аинтерес азаҵоуп ҳахәмарыҩцәа аднаԥхьаларц. Санкт-Петербургҟа ԥшьҩык аспортсменцәа аагеит: 2008, 2009 шықәсқәа рзы ииз. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит абҵара 16 раахыс. Амчыбжь нҵәаанӡа ара ҳаҟазаауеит", - иҳәеит иара.

Капикиан иазгәеиҭеит аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа рзы "Зенит" академиа ахәмарыҩцәа рдырра акраҵанакуеит, рԥышәа рымырдоит ҳәа. Иара иҳәеит иреиӷьу ҳахәмарыҩцәа ҳаԥхьаҟа питертәи акомандаз ахәмарра алшара роур шауа.

Футбольный мяч  - Sputnik Аҧсны
Петербургтәи "Зенит" Аԥсны ашьапылампылтә академиа афилиал аанартуеит

Ашьапылампылтә  клуб "Зенит", Санкт-Петербургнтәи Аԥсны ашьапылампылтә академиа аанартуеит ҳәа аинформациа цәырҵит цәыббра 2 рзы. Хәымш ааҵуаны Аҟәа аусура иалагеит азыҟаҵаҩцәа рзы онлаин-курсқәа. Урҭ еиҿнакааит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аилак. Акурсқәа анхыркәшахалак ашьҭахь азыҟаҵаҩцәа Урыстәылатәи ашьапылампылтә Еидгыла алицензиақәа рыҭахоит.

Абҵара 18 рзы Аԥсны аҿари аспорти рзы Аилак ахантәаҩы Џьамал Гәбаз ҭелла диацәажәеит аклуб "Зенит" адиректор хада Александр Медведев. Аганқәа рылацәажәеит аусеицуразы иактуалтәу азҵаарақәа, ԥхьаҟатәи реинырра. Џьамал Гәбаз ишиҳәаз ала, аусутә еиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны, ԥхынҷкәынмзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0