Амобилтә цхыраара: Урыстәыла атәылахьчара агоспиталь Аԥсны мызктәи аусура

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Айтар
Мобильный госпиталь Айтар  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь ареспубликахь идәықәҵоуп жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы.

Аруаа ареспубликахь иааит жьҭаара 19 рзы, иара убри аҽны агоспиталь аусура хацнаркит асааҭ 16:00 рзы. Агоспиталь аусура шымҩаԥысуа, заҟаҩы рхәышәтәхьоу атәы Sputnik аматериал аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Аԥсныҟа ацхырааразы

Аԥсны акоронавирустә инфекциа жьҭаарамзазы акыр аҽарцәгьеит. Аҳақьымцәа жәаҩыла авирус рыдырбалон уахыки-ҽнаки рыла. Абри аҭагылазаашьаан иӡбан COVID-19 змоу рзы аҳҭнықалақьи араионтәи хәышәтәырҭақәа рҿы аҟәша ҷыдақәа аадыртырц.

Мобильный госпиталь Минобороны России прибыл в столицу Абхазии - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь Аҟәаҟа иааит

Гәдоуҭатәи агоспиталь ацхыраара аҭаразы ареспублика анапхгара Урыстәылахь аҳәара ҟанаҵеит Аҟәа амобилтә госпиталь аусура аларгаразы. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра жьҭаара 17 рзы Аԥсныҟа идәықәнаҵеит амобилтә госпиталь Ставрополтәи атәылаҿацә аҟынтәи. Агоспиталь Аҟәаҟа иааины апансионат "Аиҭар" аҿы аусура хацнаркит.

Урыстәылатәи арратә госпиталь COVID-19 змоу раԥхьатәи апациентцәа аднакылеит жьҭаара 20 рзы.

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра амобилтә госпиталь, иаҭаххар, 150-ҩык рҟынӡа акоронавирус змоу апациентцәа аднакылар алшоит.

Амобилтә госпиталь аҿы ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа.

Уи адагьы еиҿкаан ПЦР-диагностика амҩаԥгара.

Урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа рыцхыраара аҭакс Гали Очамчыреи рраионқәа рхадарақәа ирыӡбеит COVID-центрқәа рахь аҿамаҿа нарышьҭырц.

Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи амедицинатә усзуҩцәа ашәыри ацхеи ҳамҭас ирзынарышьҭит

Раԥхьатәи аҳамҭа Гәдоуҭаҟа иаашьҭын Галынтәи. Араион ахада Константин Ԥлиа жьҭаара 28 рзы аҳақьымцәа рыхьӡала 200 кьыла амандарина, афеихоа, ахәырма, 20 литра аԥсуа цха ааишьҭит.

Абҵара 9 рзы ари аԥшьгамҭа адгылара анаҭеит Очамчыра араион. Уигьы ареспублика COVID-центрқәа рахь ашәыр-ақәыр нанашьҭит.

Ацифрақәа рбызшәа

Агоспитальтә ҟәша аиҳабы Алексеи Мамошин еиҭеиҳәеит аусура ианалага инаркны иахьанӡа ара ишрыдыркылахьоу 155-ҩык апациентцәа. Урҭ рҟынтәи 119-ҩык ргәы бзиаханы илырҩааит. Иахьазы 36-ҩык ара ишьҭоуп.

"Мызкы аҩнуҵҟала ачымазцәа рхыԥхьаӡара еиҳа имаҷхо иалагеит: амбулатортә дкылараҟнеиԥш астационартә хәышәтәраҿгьы", - иҳәеит Мамошин.

Иара иҳәеит русура алагамҭазы амбулатортә дкылара уахыки-ҽнаки рыла ирзымҩаԥыргон 30-ҩык, ахәышәтәразы ишьҭарҵон 7-10-ҩык. Уажәазы бжьаратәла ишьҭарҵо хәҩык иреиҳам.

"Убри аан ачымазцәа хьанҭақәа ыҟоуп. Иахьазы хәҩык ауаа ареанимациаҿы ишьҭоуп. Аха иааидкыланы уахәаԥшуазар, акоронавирус аформа хьанҭақәа алаҟәрахь рхы дырхеит", - ҳәа иҳәоит агоспитальтә ҟәша аиҳабы.

Алексеи Мамошин иажәақәа рыла афымцалашара аиԥҟьара агоспиталь аусура анырра анаҭаӡом, асасааирҭаҿы адизельтә генератор ықәгылоуп. Уи алашара шдырцәалак аусура иалагоит.

ПЦР-диагностика акәзар, амобилтә госпиталь аусура иалагазар ҩ-нызқьи бжаки ҭҵаара мҩаԥыргахьеит.

Абҵара 19 азтәи аоперштаб адыррақәа рыла Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавиру рыдырбалахьеит 5278-ҩык. Ргәы бзиахахьеит 3608-ҩык. Рыԥсҭазаара иалҵит 67-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0