Ҵахнакьиа: акоронавирус иахҟьаны аԥкрақәа ирыцҵахоит абҵара 24 рышьҭахь

© Sputnik Общественный транспорт
Общественный транспорт  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы жьҭаара 15 инаркны абҵара 24 рҟынӡа Аԥсны иалагалоуп иназыцҵоу аԥкрақәа.

АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Акоронавирус иахҟьаны аԥкрақәа ирыцҵахоит абҵара 24 рышьҭахьгьы ҳәа иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, Абаза-ТВ аинтервиу анеиҭоз.

COVID-19  - Sputnik Аҧсны
COVID-19 аҿагыларазы аԥкра ҿыцқәа

"Иахьазы иҟоу аԥкрақәа аԥаҳхӡом, урҭ ирыцаҳҵоит, избанзар ҳаԥхьаҟа асезонтә ҭагалан-аӡынтәи ахьҭалаларақәа, агрипп ҳзыԥшуп. Иҳадаҳкылаз аԥкрақәа, иахьа амч змоу, алҵшәа аадырԥшуеит агрипп азы апрофилактика аангьы", - ҳәа азгәеиҭеит иара. 

Агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла, ари азы аӡбамҭа аднакылоит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб, анаҩс атәыла ахада Аслан Бжьаниа дахәаԥшырц азы идыргалоит.

"Сара иахьынӡеилыскаауа ала, арҭ аԥкрақәа иааиуа ашықәс ажьырныҳәа азбжанӡа ирыцҵахоит, уи адагьы ԥкрақәак еиҳагьы идырӷәӷәоит", - ҳәа инаҵишьит Ҵахнакьиа.

Аԥсны акоронавирус злоу ауаа рхыԥхьаӡара иахьацлоз иахҟьаны, жьҭаара 15 инаркны абҵара 24 рҟынӡа атәылаҿы иаларгалеит иназыцҵоу аԥкрақәа. Урҭ инарықәыршәаны иақәиҭтәымызт ачараура, амассатәи аспорттәи, агәмырҿыӷьратәи усмҩаԥгатәқәа, русура аанкылан атеатрқәеи, аконцерттә залқәеи, СПА-салонқәеи, амассажҟаҵарҭақәеи. Иаркын ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи, абиуџьеттә усбарҭақәа 60 шықәса иҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа русураҟынтә рхы иақәиҭыртәыр акәын, руалафахәы рызныжьны. Атәылауааи асасцәеи ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы хымԥада амедицинатә сабрадақәа ныҟәыргаларц рабжьган.

Абҵара 20 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны акоронавирустә инфекциа рыдырбалахьеит 5312-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 3611-ҩык ргәы бзиахеит, 68-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0