Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа асы иҭанасыз ҩыџьа Москватәи атуристцәа еиқәдырхеит

© Sputnik / Нина Зотина / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗимние курорты Сочи
Зимние курорты Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиқәырхаҩцәа анрыхҭыгәлоз аҭуристцәа рҭагылазаашьа шәарҭамызт.

АҞӘА, абҵара 23- Sputnik. Аԥсны ашьхараҿы, Хашыԥсатәи аиҩхаа иахьаҵанакуа қәҿиарала ихыркәшоуп Москватәи атуристцәа реиқәырхаразы аоперациа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.

Атуристцәа аԥсуа еиқәырхаҩцәа рыҽрымардеит абҵара 21 асааҭ 15:57 рзы. Ацентр "Пламя" иатәу аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥ иаразнакы амҩа иқәлеит. Аҵх иаашаанӡа аусурақәа мҩаԥысуан.

Ацентр "Пламя" агәыԥ аиҳабы Сандро Дагаргулиа иажәақәа рыла дара ԥшьсааҭк ҩ-метрак иҟаз асы иқәланы инеиуан. Асааҭ 09:00 рзы атуристцәа ргыларҭа рыԥшааит.

Аиқәырхаҩцәа анрыхҭыгәлоз атуристцәа рҭагылазаашьа уацәшәартә иҟамызт.

Ажәабжьқәа зегьы
0