Аамҭалатәи асхема: Цандрыԥшь афымцалашара роуит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛинии электропередач
Линии электропередач - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 20 рзы аҳабла Цандрыԥшь афымцалашара аиуразы апроблема ҟалеит. Уи аамҭа-аамҭалатәи арцәара иадҳәалам.

АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik, Бадри Есиава. Цандрыԥшьаа афымцалашара роуит, аха еиԥҟьарада иҟаларазы акабельқәа еиԥызшьуа ахархәага ԥсахтәуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Маҳадыртәи ГЕС адиректор Станислав Хышба.

Ахәаша, абҵара 20 рзы иԥжәеит звольт ҳараку акабель. Иароуп аҳабла зегьы фымцалашарала еиқәзыршәо. Хышба ишиҳәаз ала ауааԥсыра уахыки-ҽнаки лашарада иаанхеит. Абҵара 21 рзы аҭыԥ аҿы аус руан аизхамҩа, "Амшынеиқәафымцамч" рҟазауаа. Дара иалдыршеит Аҟәантәи инаргаз акабель аҿакны алашара роуа аҟаҵара.

Лампочки  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны афымцалашара арцәара аграфик ркьаҿуп

Амҽыша ауыха Цандрыԥшь, аԥсыӡ зауад иахьаҵанакуа афидер аҿа аԥхасҭа ҟалеит. Аԥсыӡ зауад, Цандрыԥшь, Маҳадыр иахьрыҵаркуа фымцалашарада иаанхеит.

"Уахынланы иҟалаз аҭыԥ ақәҵара ҳзалмыршеит. Аусурақәа ашьыжь ҳрылагеит. Иалшоз ҟаҳҵеит, аха ари аамҭалатә схемоуп, амуфтақәа ԥсахтәуп. Урҭ ҿаҳҵеит, хара имгакәа иааргароуп. Аремонт аан фидерк ҳарцәоит. Ишахәҭоу иҟаҳҵоит. Цандрыԥшь уажәы алашара ыҟоуп, аамҭалатәи аграфик алаҳамҵозар", - иҳәеит иара.

Хышба иҳәеит афымцацәаҳәақәа ахьеиԥҟьаз ишиашоу еиԥшьуп, аха уи азҵаара аӡбом.

Хышба иажәақәа рыла Цандрыԥшьтәи астанциа маҷ ахь аихамҩатә цәаҳәақәа рыла АУН "Амшынеиқәафымцамч" иатәу акабель ду неиуеит. Астанциа маҷ аҟынтәи афидерқәа рахь еихыршоит, - хԥа ыҟоуп, дара афымцалашарала еиқәдыршәоит аҳабла агәы, араион, ақыҭақәа. Дара аамҭа-аамҭала иԥхасҭахоит ацәаҳәақәа аидара хьанҭа иахьаҵоу азеиԥш еиуеиԥшым амзызқәагьы ирыхҟьаны.

Цандрыԥшь фымцалашарала аиқәыршәара аҭакԥхықәроуп "МаҳадырГЕС". Аиҿкаара афымцалашара "Амшынеиқәафымцамч" аҟны афымца аанахәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0