Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш ҵакыра аиҿкаара апрограмма шьақәырӷәӷәоуп

© SputnikФлаги
Флаги  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрограмма – 2014 шықәса абҵара 24 рзы анапы зҵаҩыз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра ацҵоуп.

АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәи аекономикатәи зеиԥш ҵакыра аиҿкаара апрограмма шьақәырӷәӷәахеит Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиԥылара ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

Иазгәаҭоуп апрограмма шазырхо Аԥсны инхарҭәааны, Урыстәыла имҩаԥнаго аинтеграциатә процессқәа рылахәхаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аҭаразы.

Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ауснагӡатәқәа рынагӡара ҩба-хԥа шықәса рыла иазыԥхьагәаҭоуп.

Абри аамҭала имҩаԥгахоит еиуеиԥшым аусхкқәа: аекономика, афинансқәа, аҳазалхратә зин, аенергетика, асоциалтә усхк рҟны азакәанԥҵарақәа реиқәыршәара.

2014 шықәса абҵара 24 рзы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа рнапы зҵарҩыз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа иазыԥхьагәарҭоит адәныҟаполитика, атәылахьчареи ашәарҭадареи, асоциалтәи аекономикатәи зеиԥш ҵакыра раԥҵареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0