COVID-19 Аԥсны: 62-ҩык аҿкы рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭкспресс-тестирование на COVID-19 в аэропорту Внуково
Экспресс-тестирование на COVID-19 в аэропорту Внуково - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 208-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 62-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, абҵара 23- Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы аԥсҭбарақәа ҩба ҟалеит абҵара 22 рзы, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иԥсҭазаара далҵит 64 шықәса ирҭагылаз ахаҵа. Иара ахәышәтәырҭа дҭашәеит абҵара 5 рзы акоронавирус ицәа иаланы. Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, апациент иԥсҭазаара далҵит игәеисра аԥсыҽхара иахҟьаны.

Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" ашҭаҿы иаадыртыз амобилтә госпиталь аҟны лыԥсҭазаара далҵит 1940 шықәсазы ииз апациент. Иақәнагаз атерапиа шылзмҩаԥыргозгьы, лыдунеи лыԥсахит лгәеисра аԥсыҽхара иахҟьаны.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 72-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 58-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 20-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 30-ҩык апациентцәа, хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп.

Амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 31-ҩык апациентцәа. 27-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 5374-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 3623-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 70-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0