Абҵарамза 25 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСезонное отключение горячей воды
Сезонное отключение горячей воды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәымсҭатәи амассив, Ешератәи амҩа аӡымҩангага аремонт азыруеит абҵара 25 рзы, убри инадҳәаланы аӡынашьҭра аанкылахоит.

АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Абҵара 25 асааҭ 03:00 инаркны асааҭ 18:00 рҟынӡа Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аӡынашьҭра аанкылахоит: Араион ҿыц, Ажәытә ҳабла, Колос, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ, ақалақь агәаҿы аҩнеихагылақәа рҟны аӡы халом.

Гәымсҭатәи амассив, Ешератәи амҩа аӡымҩангага аремонт азыруеит.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0