Ацитрусқәа рекспорт ҩымз рыла ҵыԥхтәи арбагақәа иреиҳахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уахыки-ҽнаки рыла аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысуеит шәкы рҟынӡа еидарамҩангага машьына.

АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Цәыббрамза аҽеиҩшамҭа аахыс Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргахьеит быжьнызқь тонна ацитрусқәа ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.

Арҭ арбагақәа ҩынтәны еиҳауп ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа.

Бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахыргоит 200 тонна ацитрусқәа. Абри инадҳәаланы аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" арежим ҳарак ала аус ауеит.

Аҳазалхратә маҵзура иазгәанаҭоит ахатәхаҿқәа рзы ЕАЕС аҵакырахь алагалара шыҟалоу 500 евро зыхәԥса ыҟоуи (ма) 25 кьыла ыҟоуи атауар.

Ари арбага ианеиҳаха абаџь шәатәуп атауар ахәԥса аҟынтәи 30% иартәо. Уи адагьы ацитрусқәа ралагалараан хә-кьылак еиҳазар афитосанитартә сертификат хымԥадатәиуп.

Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аусзуҩцәа Аԥснынтәи ақыҭанхамҩаалыҵ аиагараан аилагарақәа жәпакы азгәарҭахьеит.

Убас, "амандаринатә сезон" иаалагазар сынтәа 100 административтә зинеилагаратә ус хацдыркхьеит, иаԥдырҟәҟәаахьеит 5000 кьыла закәаншьаҭада ацитрусқәа ралгара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0