Логәуа: аенергетика апроблема аӡбразы ԥшь-миллиардк рҟынӡа аҭаххоит

© Foto / Кабмин РАПремьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл встречу с генеральным директором РУП «Черноморэнерго» Михаилом Логуа
Премьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл встречу с генеральным директором РУП «Черноморэнерго» Михаилом Логуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афымцатә ҳақәа ирықәу аидара иоурышьҭыр зылшо аасҭа 30% еиҳауп иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа.

АҞӘА, абҵара 25 - Sputnik. Аԥсны аенергетикатә усхк апроблема комплексла аӡбара ԥшь-миллиардк рҟынӡа аԥара аҭахуп ҳәа иҳәеит аԥыза-министр адырра изҭаз АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа.

Абҵара 24 рзы Александр Анқәаб АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа дидикылеит. Аиԥылараҿы ирылацәажәан атәыла  афымцаенергетикатә системеи амаинингтә фермақәеи.

Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" мчыбжьык ала 85 маининг ферма русура ааннакылеит

Логәуа иҳәеит афымцатә ҳақәа реидара ахьырацәо иахырҟьаны аамҭа-аамҭала алашара арцәара ишалагаз, закәаншьаҭада аҳақәа зыҽраԥызшьуа акриптофермақәа шаҿырхуа.

"Амшынеиқәафымцамч" адыррала абҵара  16 - 23 рзы иаҿыхын 98 криптоферма,  46 265 киловатт зхы иазырхәоз.

"Афермақәа аҳақәа раҿыхра  аихшаратәи анашьҭыгатәи ҳақәа реидара иаҵырхуеит. Аусбарҭабжьаратә комиссиа амониторинг мҩаԥнагоит, уаанӡа иаҿыхыз аобиектқәа рҿгьы",- иҳәеит Михаил Логәуа.

Адиректор хада Апарламент абжьгарақәа дышрықәшаҳаҭу иҳәеит амаининг аԥкра аганахь ала.

Аиԥылараан Логәуа иара убасгьы дрылацәажәеит аусбарҭа  егьырҭ апроблематә зҵаарақәагьы: афымцамч ахархәара аԥара ахымшәаара, ахархәагақәа ражәра, аҟазауаа разымхара.

"Ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи ирықәу ауал ҩ-миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аԥаразымхара аныԥшуеит аҳақәа русура, амаҵуратә техника рҭагылазаашьа", - иҳәеит иара.

АУН ахаҭа абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рахь ауал 300 миллион мааҭ ыҟоуп.

Александр Анқәаб абжьгара ҟаиҵеит аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа рыцдырхыраарц акриптофермақәа аҳәынҭобиектқәеи ахатә обиектқәеи рҟны раарԥшразы.

"Ҳара иаҳхақәку закәаншьаҭада иаҳзымхо афымцаенергиа зго русура аԥкроуп", - иҳәеит аԥыза-министр.

Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагеит абҵара 15 инаркны. Усҟан алашара дырцәалон уахыки-ҽнаки рыла хынтә. Абҵара 21 инаркны Аԥсны иахьаҵанакуа афымцалашара арцәара аграфик дыркьаҿуа иалагеит. Уи инақәыршәаны афымцалашара дырцәалоит уахыки-ҽнаки рыла ҩынтә ҩба-ҩба сааҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0