Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә база аруаҩ дҭахеит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРоссийская военная база в городе Гудаута Республики Абхазия
Российская военная база в городе Гудаута Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аррамаҵзурауаҩ иԥсҭазаара иалҵра инадҳәаланы аусҭҵаара мҩаԥыргоит арратә база анапхгара акомиссиеи азинхьчаратә усбарҭақәеи.

АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа иҟоу урыстәылатәи арратә база аруаҩ дҭахеит аҩаша, абҵара 24 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит аокруг апресс-маҵзураҿы.

"Заанаҵтәи аҭҵаарақәа рыла автомобилтә техника аус адулараан ашәарҭадаратә ҭахрақәа реилагараан аидарамҩангага автомашьына аԥсҟы зкыз атехника амаҵ азызуаз аруаҩ дихысит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аруаҩ аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит. Уажәы иҟалаз шыҟалаз ҭырҵаауеит.

Арратә база анапхгара акомиссиеи азинхьчаратә усбарҭақәеи ахҭыс ҭҵаара мҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0