АҞӘА, абҵара 26- Sputnik. Абҵарамзатәи арбагақәа рыла COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара 50% илаҟәит ҳәа иҳәеит аилацәажәараҿы Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.
Убас, жьҭаарамзазы 2831 хҭыс азгәаҭан, 1 - 24 абҵарамзазы – 1343 хҭыс.
Аминистрра адыррақәа рыла иҭҵаан 9,7% ауааԥсыра (23 878-ҩык), урҭ рҟынтәи 23,8% авирус рыдбалан. Апандемиа иаалагеижьҭеи 2,3% (5699-ҩык) чмазцәахеит.
Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит акоронавирус иахҟьаны иԥсыз рхыԥхьаӡара 1,2 % инаӡоит ичмазцәахаз рҟынтәи, ргәабзиара шьақәгылеит 76,6%.
Аоперативтәи Акоординациатәи штабқәа абжьгара ҟарҵеит аԥкыратә уснагӡатәқәа ирыцҵазарц. Асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик ишылҳәо ала уи иалнаршоит аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭара.
Скорик лажәақәа рыла, реиҳа ишәарҭоу рахь иаҵанакуеит 60 шықәса ирҭысхьоу. Лара урҭ ирабжьылгеит ауаажәларратә ҭыԥқәа рҿы рхы иашьклаԥшларц, аимҳәаамҭазы алаҵа ҟарҵаларц.
Аминистр иҳәеит ахыхьчагақәа, ахәшәқәа, адиагностикатә мыругақәа раахәаразы аилаӡарақәа шымҩаԥго.
Александр Анқәаб анапынҵа ҟаиҵеит амедицинатә усҳәарҭақәа 2021 шықәса ажьырныҳәа-жәабран амзақәа рзы реиқәыршәара аиҿкаара аус адыруларц.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 544-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 176-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 120-ҩык, урҭ рахьтә 105-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 26-ҩык, ибжьаратәуп - 35-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 37-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит 20-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 24-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 60-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>
"Ақыҭаҿы уажәазы 14-ҩык инарзынаԥшуа ачымазцәа ыҟоуп. Зегьы аҿкы рыхьны иҟоуп ҳәа ишьақәыргыланы иҟам, аха асимптоматикала иароуп уҳәар алшоит. Ахәшәқәагьы аиура цәгьахеит. Рыхәқәагьы еиҳахеит. Абри ачымазара ҟалеижьҭеи ахәшә 10 мааҭк иаԥсазҭгьы, 30 рҟынӡа инеит. Ажәлар рзы даара иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Ачымазаҩцәа рҟны мнеишьа сымаӡам, аҩны аҟара бжьазаргьы снеироуп, иага ихаразаргьы ус. Мышкы иалагӡаны 9-ҩык ауаа акапельница рзықәсыргылоит. Урҭ шьҭа мчыбжьык ҵуеит ирзыҟасҵоижьҭеи, дара алгар, нас еиҭа иззыҟаҵатәу ҟалоит. Река ақыҭа адагьы, Бедиа, Патрахәыҵа, уҳәа еиҭа ақыҭа ссақәа рҿгьы ачымазаҩцәа сымоуп. Ачымазара шысхызгахьоугьы, сҽацәысахьчоит, ҳәарада. Иаҭаху зегьы ҟасҵоит, сықәра злаҟоу ала еиҭа исыхьыргьы ауеит, еиҭа ачымазара ӷәӷәақәа схызгахьеит, абарҭ зегьы снарҿыԥшны зынӡа сзашьҭоузеи ҳәа схы сзыҟаҵом. Иара иааиуа зегьы ишахәҭоу иааиуеит. Ҳара ҳашшәо еиԥш даргьы шәоит", - ҳәа еиҭалҳәеит афельдшер.
Ламара Ҳашԥҳа-Қәычбериа илҳәеит ажьырныҳәамза мацара иалагӡаны 226-ҩык ауааԥсыра шлыдылкылахьо, урҭ рыбжаҩык атәым қыҭақәа рҟнытә иаауеит.
"Иҟоуп аҭагылазаашьақәа схала иаҭаху анрасҳәо, избанзар зегьы ақалақь аҟынӡа изцаӡом", - ҳәа азгәалҭеит афельдшер.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>