Аибашьра ашьҭахьтәи арекорд: Гәылрыԥшь 22 тонна амандарина аҽаҩра иазыԥшуп

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор мандаринов в Абхазии
Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы Гәылрыԥшь амандарина аҽаҩра аибашьра ашьҭахь ирекордтәхеит.

АҞӘА, абҵара 26 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Гәылрыԥшь араион аҿы амандарина аҽаҩра рекордтәхеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион ақыҭанхамҩа аиҳабы Рафик Григориан.

2020 шықәса рзы иазыԥшуп 22 000 тонна ацитрусқәа рыҟалара. Асеиԥш аибашьра ашьҭахь аҽаҩра бзиа ҟамлацызт.

"22 000 тонна инареиҳаны амандарина ҟалеит. Аиҳарак ахатә сектор ауп. Араион аҿы 2500 рҟынӡа нхамҩа ыҟоуп. Аибашьра ашьҭахь асеиԥш аҽаҩра ҟамлацызт" ҳәа еиҭеиҳәоит Григориан.

Уажәы араион аҿы амандаринатә сезон иасакьаҳәымҭоуп, аха анхацәа иара аҭиразы апроблемақәа рызцәырҵит.

Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ацитрусқәа рекспорт ҩымз рыла ҵыԥхтәи арбагақәа иреиҳахеит

"Амандарина аҭира шьшьылаҳауп. Амашьына дуқәа маҷны иаауеит. Уаанӡатәи ашықәсқәа реиԥш иҟам. Уаанӡа аахәаҩцәа агәаран иқәгыланы иргон амандарина. Ирацәаҩын машьына ласыла аҳәаахь изгозгьы. Уажәы уи хашәала амам, избанзар уаанӡа 500-800 кьыла ргар ауазар, уажәы адеклорациа рымамкәа аҳәаа ирзахыгом", - иҳәоит иара.

Ус шакәугьы араион ауааԥсыра иҟоу аҭагылазаашьа рҽақәдыршәоит.

Григориан иҳәеит амашьына дуқәа аахәаны, апартиа дуқәа ргоит ҳәа.

""Газельқәа" аархәоит амандарина амҩангаразы. Ус еиӷьуп, амашьына арендла игатәхаӡом, аӡәгьы данаауа ҳәа уизыԥшӡом. Еиҳа аекономиа аҵоуп. Насгьы ианиҭаху аҭира игоит. Уи адагьы амашьына егьырҭ аамҭақәа рызгьы ахархәара ауҭар ауеит", - иҳәеит иара.

Гәылрыԥшь араион аҿы амандаринатә сезон хыркәшахоит ԥхынҷкәын 31 рзы.

2019 шықәса рзы араион зегьы аҿы еизыргаз 8 000 тонна амандариноуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0