Аԥсны АҶА асапиорцәа Кәыдрытәи аиҩхаахь амҩахәҭақәа дырҭбааит

© Foto / МЧС Республики Абхазия Саперы МЧС РА совместно с погрануправлением ФСБ России в Абхазии провели взрывные работы в Кодорском ущелье
Саперы МЧС РА совместно с погрануправлением ФСБ России в Абхазии провели взрывные работы в Кодорском ущелье - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кәыдрытәи аиҩхааҿы арԥжәаратә усурақәа мҩаԥган Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аҳәарала.

АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә усбарҭа аҳәарала, Аԥсны АҶА аусзуҩцәа анџьныртәи арԥжәагатәи усурақәа мҩаԥыргеит аиҩхаахь уназго ишәарҭоу амҩахәҭақәа рҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.

Кәыдрытәи аиҩхаахь ицо азеиԥш мҩа ахәҭақәак даара иҭшәан, аныҟәараз ашәарҭара рыҵан ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

© Foto / МЧС Республики Абхазия Аԥсны АҶА асапиорцәа Кәыдрытәи аиҩхаахь амҩахәҭақәа дырҭбааит
Аԥсны АҶА асапиорцәа Кәыдрытәи аиҩхаахь амҩахәҭақәа дырҭбааит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны АҶА асапиорцәа Кәыдрытәи аиҩхаахь амҩахәҭақәа дырҭбааит

Аԥсны АҶА агәҽанҵара ҟанаҵеит ахьҭақәа аныҟалалак, асы леир асыԥсалеира ашәарҭара шыҟало азы, ашьхамҩақәа рҿы атранспорт хархәагақәа рыла аныҟәараан ргәы рҽанызарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0