Аԥсуа драматә театр Нальчиктәи афестиваль аҿы аспектакль "Цилиндр" днарбоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПремьера спектакля - Цилиндр в абхаздраме
Премьера спектакля - Цилиндр в абхаздраме  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Южная сцена-100" мҩаԥысраны иҟоуп Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликаҿ ԥхынҷкәын 3 - 7 рзы.

АҞӘА, абҵара 27 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Южная сцена", Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликаҿ ԥхынҷкәын 3 - 7 рзы имҩаԥысраны иҟоу иалахәхоит ҳәа аҳәоит Facebook аҿтәи атеатр адаҟьа.

"Ҳаҭыр зқәу ҳахәаԥшцәа, гәахәарыла ишәҳардыруеит Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Южная сцена-100" ҳатеатр шалахәхо. Акорифеицәа дуқәа зшьапы ркыз ари афестиваль алахәра акыршықәсатәи традициатә ҟазшьоуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсуа драматә театр Нальчиктәи афестиваль аҿы италиатәи адраматург Едуардо де Филиппо ипиеса иалху, арежиссер Бенар Ақаҩба иқәыргыламҭа аспектакль "Цилиндр" днарбоит.

Аспектакль аԥхьарбара мҩаԥган 2020 шықәса ԥхынгәымзазы.

2019 шықәсазы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Южная сцена-100" иалахәын аспектакль "Ажәҩан аҟәара" аманы. Атеатр атруппа "Иреиӷьу актиортә еилазаара" ҳәа адиплом анашьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0