Аҟәатәи асветофорқәа рыхәҭак еиԥҟьарада аус рулоит

© Sputnik / Леон Адлейба Светофор
Светофор  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 27 азы Арӡынба имҩеи Леон имҩадуи реихысырҭаҿы асветофор еиԥҟьарада аус аура еиҿкаауп. Уаанӡа ари аҭыԥаҿы аамҭа-аамҭала алашара андырцәоз ААИ аусзуҩцәа гылан.

АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа ақалақь асветофорқәа рыхәҭак уажәшьҭарнахыс афымцарцәараан еиԥҟьарада аус рулоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы Баҭал Агрба.

Афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәараан асветофорқәа аус руамызт, уи аныҟәараз ашәарҭарақәа аԥнаҵон.

Абҵара 27 азы Арӡынба имҩеи Леон имҩадуи реихысырҭаҿы асветофор еиԥҟьарада аус аура еиҿкаауп. Уаанӡа ари аҭыԥаҿы аамҭа-аамҭала алашара андырцәоз ААИ аусзуҩцәа гылан.

"Аилахәыра "Система" ацхыраара ҟанаҵеит. Уажәы Лакобеи-Леони амҩақәа реихысырҭаҿы асветофор шьақәҳаргылоит. Уи ззыҟаҳҵо ҳтәылауаа амҩатә ныҟәараан апроблемақәа рызцәырымҵырц ауп", - иҳәеит Агрба.

Хара имгакәа аҽа х-светофорк: Леон имҩаду, Ешба имҩа, Аҟәа ақалақь алаларҭа рҿы рҭыԥ иқәҵахоит.

"Арҭ аҭыԥқәа рҿы атранспорт рацәоуп. Урҭ рааигәа иҟоуп алашара азҭар зылшо аиҿкаарақә", -иҳәеит ААИ аиҳабы.

Агрба иазгәеиҭеит Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа есыҽны амҩатә ныҟәара хылаԥшра шарҭо.

Уаанӡа, асветофорқәа аус анырымуаз аусбарҭа аусзуҩцәа ишәарҭоу амҩахәҭақәа рҿы игыланы аныҟәара ҭышәындыртәалон.

Ажәабжьқәа зегьы
0