Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИван Балин имаругақәа
Иван Балин имаругақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь агәҭа хыԥхьаӡара рацәала ахатәы ҩнқәа ахьеилагылоу, зныҭрыс улаԥш иҵамшәаргьы, ашьац ԥшшәы змоу гәашә хәыҷык унадгылоит. Уи аартны амҩахәасҭа ҭшәа ушану, унадгылоит ҩ-еихагылак змоу аҩны. Дыҟамзар ҟаларын Гагра қалақьуаҩык, ари аҩны аԥшәма дыззымдыруаз.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Ашәарыцацәа нагацәа, анаҩс аԥсадгьыл ахьчаҩцәа – абарҭ ракәын еиҳарак Иван Константин-иԥа Балин иахь имҩахыҵуаз. Анапҟаза ду, аихеи амҿи зыла хҩаны аус адызулоз, дазҿлымҳан абџьарҟаҵарагьы.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАбџьарҟаҵаҩ Иван Балин
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин - Sputnik Аҧсны
Абџьарҟаҵаҩ Иван Балин

Иван Константин-иԥа диит 1925 шықәсазы Ҟазахсҭан. Далахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. Анаҩс, арра маҵура иациҵон Баҭымтәи амшынтә флот аҟны. Уантәи даарышьҭуеит Аԥсныҟа.

Уи нахыс Иван Константин-иԥа изы, ари атәыла иацназго ԥсадгьыл ҟамлеит. 1957 шықәсазы аҭаацәара далалоит, иразҟы ицеиҩылшоит Нина Тимофеи-иԥҳа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИван Балин иԥшәмаԥҳәыс Нина Тимофеи-иԥҳа
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин - Sputnik Аҧсны
Иван Балин иԥшәмаԥҳәыс Нина Тимофеи-иԥҳа

Иван Константин-иԥа арра маҵура анхирқәша, аусура далагоит Бзыԥҭатәи архьшәашәагатә зауад аҟны, аха игәы ззыбылуаз анапҟазара нимыжьит. Уимоу, иашҭаҟны иргылоит абџьар аус ахьадиулоз ахыбра хәыҷы, еиқәиршәоит иахәҭоу амаругақәа рыла.

Аԥшәма иаамҭа зегьы анапҟазара иазикуан. Иҩны иҿоу ашәқәеи аԥенџьырқәеи, иуадақәа ирыҩнагылоу аҩнымаҭәеи инаркны, зегьы амҿы иалхны инапала иҟаиҵаз ауп. Иахьагьы, избо иџьаршьоит, араҟа амалуаҩ дынхозма ҳәа иҵаауеит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИван Балин инапкымҭа
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин - Sputnik Аҧсны
Иван Балин инапкымҭа

Иван Балин аԥсуаа рыбзазара убасҟак гәыла изааигәахеит, ҩызцәас имазгьы дара ракәын. Лассы-лассы еиҭанаиааиуан, дрыцны шәарыцара дцалон. Нина Тимофеи-иԥҳа илгәалашәоит, лыԥшәма иҩызцәа аԥсуаа анизаауаз, аишәа ихыҵаанӡа, аҩы шылнаҳауаз.

"Иван заанаҵы сгәы сҽаниҵон, сҩызцәа аԥсуаа аауеит ҳәа. Уи иаанагоз, абысҭа ауреи, анаҩс асасцәа архагьежьреи, аҩы анаҳареи акәын. Аиашазы, маҷк исцәыхьанҭан, арҭқәа зегьы рымҩаԥгара, избанзар, аҵх агәы еиҩнашаанӡа сшьапы сықәгылазар акәын. Аха Иван ажәа иаҭаскуамызт. Иара иҭахын иҩызцәа аԥсуа ҵасла идикылар, даргьы убасцәҟьа изныҟәон азы", — лҳәоит аԥҳәысеиба.

Иван Балин ашәарыцацәа рхы иадырхәоз абџьар еилых ҟамҵакәа еибиҭон, ибжьысыз агәыҵәи ашьхәеи азауад иҭнажьызи иареи иузеиҩымдраауа еиҭашьақәиргылон.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаИван Балин инапала иҟаиҵаз ашә
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин - Sputnik Аҧсны
Иван Балин инапала иҟаиҵаз ашә

Иван иԥацәа Николаи Константини раб еиԥш абџьар иазҟазан, бзиа ирбон ашәарыцарагьы. Дара аҵара ианалга, Урыстәылаҟа нхара ииасуеит, рҭаацәа рахь сасра иаауан ауп. Иван иқәра цацыԥхьаӡа, ачымазарагьы дахҭанакуан, аха уеизгьы бзиа иибоз аус нижьуамызт. Ибжьысуаз абџьар аиҭашьақәыргылараҿы дицхраауан иԥшәмаԥҳәыс Нина.

"Ҳаҩны зегьы шәақьла иҭәын. Иван аиҭаҵра аницәыуадаҩха, иарӷьажәҩаны абџьарҟаҵараҿгьы сааивагылеит. Иара исыҵеиҳәон ажьакцара шамхтәыз, анаҩс ишеибыҭатәыз, еснагь снацәхыԥқәа акаҭран бжьатата иҟан", — илгәалалыршәоит Нина.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Балинаа Гагра иалҵны имцаӡеит. Аԥсуа еибашьцәа ақалақь аӷа даналырца, лассы-лассы абџьар ҟаҵаразы ирызнеиуа илагеит, урҭ дыруаӡәкын Автондил Лакрба.

"Ҳаибашьцәа бџьарла ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәамызт. Абжеиҳараҩык рхы иадырхәоз ашәарыцага шәақьқәа ракәын, автоматқәа змазгьы, урҭ ма ижьакцан, мамзаргьы ааха рыман. Убри аҟынтә, абџьарҟаҵаҩы Иван иахь инаҳгон. Иара иқәра шнеихьазгьы, зныкгьы мап ҳцәымккәа, мааҭк аԥара ҳамымхкәа, ҳабџьар рҿыцны инаҳиркуан", — иҳәоит аибашьра аветеран.

Иван Константин-иԥа Балин иԥсҭазаара далҵижьҭеи акрааҵуеит. Аха дыздыруаз Гаграа ргәацаҿы, иԥхарроу ацәаныррақәа нижьит.

Александр Гагәылиа - Sputnik Аҧсны
Лыхни Берлини згәы иҭамкәа еимаздаз Александр Гагәылиа, ма патреҭк аҭоурых

Мышқәак раԥхьа, ақалақь салалан сышнеиуаз, Балинаа ргәашә снадххылеит. Аԥҳәысеиба лгәабзиара садҵааларц сыӡбан ашҭа сынҭалеит. Сшьапышьҭабжь заҳаз ҩ-лакгьы аасԥылеит…

Зыла аш хылахьаз, зынӡа иажәхьаз ашәарыцалақәа, саԥхьа игыланы аарла, Иван иабџьарҟаҵарҭахь рҿынархеит.

Саргьы снарышьҭалеит…

Абџьарҟаҵарҭа, ԥшак ҩналап ҳәа иаартызаарын…

Иван Константин-иԥа аамҭакы ашьҭахь, иус днадгылозшәа акәын иахьагьы ари ауада шеибыҭаз.

Сгәы ирыцҳанашьаз алақәа сыргәабзыӷырц схы аныласырҟә, акәакь аҟны икыдгылаз, аԥшәма инапала иҟаиҵахьаз аԥсуа лабашьа сылаԥш нақәшәеит.

Иван иԥсы зыҿҳәараз, ҳжәытә бзазара иаҟәырҷахаз, изныкымкәа ҳашьхақәа ирҿысхьаз, алабашьа ақьышә ҵәрыбызӡа, наӡаӡа абри акәакь аҟны аҭыԥ ылнахит, уи амҵан иқәыԥсычҳауа итәоуп аҵыхәтәантәи згәеисыбжьқәа гоз Иван ишәарыцалақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0