"Ламыси чеиџьыкеи згым аҩнаҭа": абырг Ардауан Ҭаниа изкны

© Foto / из архива семьи Ҭаниа Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа
Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачеиџьыкеи асасдкылареи згым абиԥарақәа еиҵазааӡахьоу Ҭаниаа рыҩнаҭа аҭоурых ҳагәылалырԥшуеит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Иарбан ҭаацәаразаалак ашьақәгылара амҩаҿы идырҳауеит рхатәы ԥышәа, ироуеит рхатәы ҭоурых, изнысыз амҩа, ирхыргахьоу амаҟәмабарақәа, иара убас рыҩнаҭа зырлашаз агәырӷьарақәа.

Жәаҳәарада, аԥсҭазаара зны иладароуп, зны иҩадароуп – абзиагьы ацәгьагьы аҽухьнагӡоит. Аха убарҭ ауадаҩрақәа риааиразы ихадароуп аҭаацәа ргәы еизыбылны, ҳәатәеиқәшәарыла реицынхара. Хык еицҭадыршәуа ианыҟала ӡи-мцеи ирылсуеит.

© Foto / из архива семьи Ҭаниа Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа
Ламыси чеиџьыкеи згым аҩнаҭа: абырг Ардауан Ҭаниа изкны - Sputnik Аҧсны
Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа

Рыҩнаҭа уанаҭаауагьы, урҭ рҟәаҟәа иқәлахьаз агәырҩақәа наҟ хара инаԥхьацаны, гәаартыла иуарҳәоит "Бзиала уаабеит!". Убас акыр аԥсҭазаара иԥнашәахьоу, аха згәыцқьареи зыуаҩреи нацәак аҟарагьы змырӡыз ԥсыуа ҭаацәарак рыӡбахә шәзеиҭасҳәарц сҽазысшәоит.

Ԥақәашь ақыҭа. Ҩ-мҩакы иахьреихагаларҭоу. Ари аҭыԥ ҳаракыра иаԥну ашҭа ҭбаа-ҭыцә сапыншәахшәа иҟәашкакараӡа иқәубаауеит ачеиџьыкеи асасдкылареи згым абиԥарақәа еиҵазааӡахьоу Ҭаниаа рыҩнаҭа.

© Foto / из архива семьи Ҭаниа Џьоџьа Ҭаниеи иԥшәмаԥҳәыс Сониа Ԥачлиеи
Ламыси чеиџьыкеи згым аҩнаҭа: абырг Ардауан Ҭаниа изкны - Sputnik Аҧсны
Џьоџьа Ҭаниеи иԥшәмаԥҳәыс Сониа Ԥачлиеи

Ари аҩнаҭа ашьаҭа зкыз Ҭаниа Даӷәыӷәи уи иԥшәма ԥҳәыс Месхьиаԥҳа Ҵисеи ахшара рацәа рыман, хҩык аҭыԥҳацәеи быжьҩык арԥарцәеи – Ҭамшьыгә, Цина, Уска, Иџьгәа, Мелтон, Уарҭан, Џьоџьа, иара убас рхәыҷқәа днарываргыла ажәытә ҵас инарықәыршәан анхаҩы иҭаацәараҿы ааӡара бзиа иоуит аҭауад жәла иалҵыз Маршьан Ардашьыл.

Ҭаниа Даӷәыӷә ишьа-ида иалҵыз ихшара дреиҵабын Џьоџьа, уи аџьынџь аизырҳареи ԥхьаҟа аҩнаҭаҿы аԥшәымара аанкыларази агәыӷрақәа идырҳәалон. Аха ԥхьаҟа иҟалаша абаудырхуеи! Аџьџьаҳәа жәларык ахшара ахьеизҳауаз Ҭаниаа рҭаацәараҿы ирыздыруамызт раԥхьаҟа изакәытә аамҭа цәгьақәоу ирзыԥшыз.

© Foto / из архива семьи Ҭаниа Џьоџьа Ҭаниа иқәыԥшра
Ламыси чеиџьыкеи згым аҩнаҭа: абырг Ардауан Ҭаниа изкны - Sputnik Аҧсны
Џьоџьа Ҭаниа иқәыԥшра

Зқәыԥшра аамҭа иҭагылаз Ҭаниаа рыҷкәынцәа рҟнытә 1937 шықәсазы иҟалаз аполитикатә ӡыблара иаҿаҵахәхеит Мелтони Ардашьыли. Урҭ харада ахара рыдҵан хабарда ибжьадырӡит. Иахьа уажәраанӡагьы рыԥсырҭа-рыжырҭа уаҩы издырӡом. "Зхәы иаҭҳәаны изфоз" ари аҭаацәара иалиааз рыҷкәынцәа рҭахара ршьапы рыҵнаҟааит.

Ирыхьыз агәаҟра ргәы шҭнашьаазгьы, агәырҩа анеиҩс гәырӷьара узымааир залшом, ари агәараҭаҿы "Радедашәа" нҭаҩит. Аишьцәа иреиҵабыз Џьоџьеи Сониа Зафас-иԥҳа Ԥачлиеи рынасыԥ еиларҵеит. Убас "еҵәак анкыдшәалак даҽа еҵәак кыдлоит" шырҳәо еиԥш, аҩнаҭа иааӡаз, харада ирӡыз арԥарцәа Мелтони Ардашьыли рхаҭыԥан илахьынҵахеит ари аҩнаҭаҿы даҽа ҵеик иира. 1940 шықәсазы жәабранмза 15 рҽны аҵеи иира шьақәзырӷәӷәоз ахысыбжь аҳауа иналаҩҩит. Диит аҩнаҭа иаҵәҩаншьапхашаз, иаҳәшьцәа хәыҷқәа Кәырка, Лилушьа, Светлана инарывагылашаз аҵеи Ардауан.

© Foto / из архива семьи Ҭаниа Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа
Ламыси чеиџьыкеи згым аҩнаҭа: абырг Ардауан Ҭаниа изкны - Sputnik Аҧсны
Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа

Аха аҭаацәа ииз аҵеи ианеигәырӷьоз "аҩысҭаа дрыхәаччозаарын". Зыԥшьҩы ахшара згәазхара измааӡацыз, изымбацыз Џьоџьа Ҭаниа иҭаацәа реиԥш дук хара имгакәа Аԥсны иқәынхоз аҭаацәарақәа инарылыҩҩит аибашьра шыҟалаз атәы зҳәо ажәабжь.

Аҭынч ԥсҭазаараҿы анхара-нҵыра адагьы аҽқәа рааӡара, аҽыбӷаҟазара иазҟазаз Џьоџьа афронт аҭахрақәа рзы иазирхеит инапала ииааӡаз иҽыҩ ццышәқәа. Анаҩс, иани иаби абыргцәеи ахәыҷы ԥшқацәеи "бзиала" ҳәа нараҳәаны егьырҭ иқыҭауаа дранылагыла дцеит афронт ахь. Хәышықәса дуӡӡа 1941-45 шықәса рзы ицоз Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду аҿы иҿахҵәеит Џьоџьа Ҭаниа иԥсҭазаара. Уи дышҭахаз атәы зҳәо ашәҟәы иҭаацәа ирзааит аибашьра ашьҭахь, аха иахьагьы иԥсыбыҩ рымаӡам.

Ардон Џьоџьа-иԥа иаб дигәалашәомызт, избанзар аибашьра данҵаз шықәсык акәын ихыҵуаз. Сониа Ԥачлиаԥҳа лыԥшьҩык лыхшара раб иҭахара рынлмырԥшырц илымшо зегь ҟалҵон, лыбаҩ дацәаашьомызт, ҳәарада андугьы абдугьы амаҭацәа нап рыгрыжьуамызт, аха аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы даара ахныҟәгара цәгьан.

© Foto / из архива семьи Ҭаниа Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа
Ламыси чеиџьыкеи згым аҩнаҭа: абырг Ардауан Ҭаниа изкны - Sputnik Аҧсны
Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа

Зыԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз Ҭаниа Џьоџьа иԥа Ардауан деиҳацыԥхьаӡа инубаалон иаб илаз иреиӷьыз иҟазшьақәа: аџьынџь агәы азыбылра, анхара-нҵыра азгәышьра, аԥсуара абзиабара, уимоу иаб иҟазшьақәеи иԥшреи рнаҩсгьы илалеит аҽааӡара абзиабареи, аҽыбӷаҟазареи. Иахьа уажәраанӡагьы уи еихаиҳауеит, еизирҳауеит абжьыуаа рҟны апату ду зқәу уи иҩнаҭа атрадициақәа.

Иумҳәарц залшом Ардауан еснагь иарӷьажәҩаны ивагылоу иԥшәмаԥҳәыс Ҭамрико Ҷкадуаԥҳа лыӡбахә. Дара ҳәатәеиқәшәарыла, рыжәҩа еибыҭа ирааӡеит ԥшьҩык аԥсуа ԥҳәызбацәа Ирма, Ира, Илона, Инесса. Ҭамрико дызланагалаз аҭаацәараҿы Инга ҳәа зыхьӡ ршьаз аҩнаҭа аизҳазыӷьара, ачеиџьыка ахьӡ хара анеиҩраҿы лџьабаа рацәаӡоуп.

Аԥсуара иагәыцәыз, иахәышҭараз ари аҩнаҭа иалиааз аҭыԥхацәагьы хаҵамԥҳәысны еизҳауан. Убас Ардауан агәыбжьанытәи иԥҳа Илона Ҭаниаԥҳа лаб аҽықәтәара, аҽыбӷаҟазара иҿылҵааит дхәыҷаахыс. Лаб инапаҵаҟа 11 шықәса анылхыҵуаз инаркны аҽырыҩрақәа дрылахәын. Акырынтә Очамчыра араиони уи анҭыҵи аԥхьахәтә ҭыԥқәа лгахьан. Ардауан Ҭаниа дызлыҵыз Ԥақәашь ақыҭа ахьӡ ҭызгаша аҽыҩқәа рааӡара инапы алакын уажә ааигәанӡа.

Ҳәарада, ас еиԥш иҟаз аԥсуа хаҵа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан аганахь дызгылозма. Усҟантәи аамҭазы 53 шықәса ирҭаз, Ардауан Џьоџьа-иԥа аибашьцәа қәыԥшцәа днарыцны дцоит еибашьра. Далан ԥшьышәҩык инарзынаԥшуа аибашьцәа еидызкылоз Ԥақәашьтәи абаталион.

© Foto / из архива семьи Ҭаниа Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа дызлаз Ԥақәашьтәи абаталион
Ламыси чеиџьыкеи згым аҩнаҭа: абырг Ардауан Ҭаниа изкны - Sputnik Аҧсны
Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа дызлаз Ԥақәашьтәи абаталион

Абџьар зыцәмаҷыз аибашьцәа ақыҭа иалганы игаз амҩақәеи уи аҳәаақәеи рыхьчаразы акыр аџьабаа рбеит, убарҭ дреиуоуп ҳастатиа афырхаҵагьы. Ҭаниа Ардон Џьоџьа-иԥа аиааира даԥылеит дызлахәыз абаталион аҟны.

© Foto / из архива семьи Ҭаниа Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа раан
Ламыси чеиџьыкеи згым аҩнаҭа: абырг Ардауан Ҭаниа изкны - Sputnik Аҧсны
Ҭаниа Ардауан Џьоџьа-иԥа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа раан

Аԥсуа ҵас иалааӡо, изгәылыжжуа Ардон Џьоџьа-иԥа акырынтә Аԥсны ахы-аҵыхәа ачарақәеи акомпаниақәеи зырԥшӡахьоу ҭамада ҟазоуп. Иара қәрала ԥшьынҩажәи жәаба шықәса шихыҵуагьы, иқәра зынӡа инубаалом, анхара-бзазара инапы алакуп, ихшыҩ ҵҳафыруп, деилҟьоуп. Ԥақәашь ақыҭа иагәадуроу абырг, аб, абду Ҭаниа Ардон Џьоџьа-иԥа изеиӷьаҳшьап агәабзиара, аԥсуа ишықәсынҵыра ду. Иагымзааит Ҭаниаа рыҩнаҭа зыхьӡ хара инеиҩхоу аламыси ачеиџьыкеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0