Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы аҵәыҵәри ишиашоу анеира еиҿкаауп

© Sputnik / Илья Наймушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПодготовка к открытию ковид-госпиталя в Красноярске
Подготовка к открытию ковид-госпиталя в Красноярске - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа раԥхьатәи акоронавирустә инфекциа змаз ачымазцәа аданакылеит жьҭаара 13 рзы.

АҞӘА, абҵара 30- Sputnik. Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы  COVID-19 змоу ачымазцәа рыцхырааразы аҵәыҵәри ишиашоу анеира еиҿкаауп ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

Абри азы ахархәагақәа ахахьы иагеит Аҟәа ақалақь ахадара.

"Ҳусураҿы ари цхыраара дууп. Ҳчымазцәа реиҳараҩык аҵәыҵәритә терапиа рҭахуп. Уи дара рзы акраҵанакуеит. Аҵәыҵәри ҩ-палатак рахь инеиуа ишьақәыргылоуп. Ааҩык аамҭак ала ироуртә еиԥш еиҿкаауп", - ҳәа иҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада и.н. Асҭамур Гәниа.

Уажәтәи аамҭазы аҵәыҵәритә терапиа роуеит хәҩык апациентцәа.

Уаанӡа ара рхы иадырхәон асепараторқәа, аха дара русура уадаҩын афымцамчхара амаҷразы.

Ахәышәтәырҭаҿы иахьазы ишьҭоуп 35 ковид-пациент.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0