Диоскураа рыԥшаҳәаҿы иҟоу аӡҭарчы аусура иаладыргоит 2021 шықәса рзы

© Sputnik / Акоп Кущян Ремонт сухумского бассейна
Ремонт сухумского бассейна - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аолимпиатә ӡсаратә комплекс аремонти ареконструкциеи хдыркәшараны иҟан 2020 шықәса хәажәкырамзазы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 – Sputnik, Илана Амқәабԥҳа. Диоскураа рыԥшаҳәаҿы иҟоу аӡҭарчы аусура иаладыргоит 2021 шықәса рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект анардадаҩ Дмитри Папасқьыр.

"2021 шықәса жәабранмза инаркны аӡҭарчы ареконструкциа иалагоит. Иазыԥхьагәаҭоуп аԥхынразы ахыркәшара", - иҳәеит иара.

Анардадаҩ иажәақәа рыла аӡҭарчы аура 50 метра иҟалоит, мшынӡыла ирҭәхоит. Аицлабрақәа раан аӡыцқьала идырҭәуеит. Аӡынразы арԥхараз афымцамч азымхара иахҟьаны аус амур ҟалоит.

"Аӡырԥхагақәа ҭаҳаргылоит, аха аус рымур алшоит иазхо афымцамч аныҟам",- иҳәеит иара.

Аамҭак ала аӡҭарчаҿы 40-50 –ҩык ӡсалар ауеит. Ахәаԥшыҩцәа рзы 360 ҭыԥ азырхиахоит.

Аӡҭарчы аргылара иалагеит 1968 шықәса рзы. Иаартын 1980 шықәса рзы Москва Аолимпиатә хәмаррақәа раан. Аибашьраан аӡҭарчы ааха ӷәӷәа аиуит.

Аҟәатәи аӡҭарчы 2008 шықәса рзы ақалақь ахадара қьырала афирма "Аквастройинвест" ианаҭеит. Уи аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа 2011 шықәса рҟынӡа ихдыркәшар акәын аха афинанстә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны аамҭа рацәа цеит. Аҵыхәтәаны 2020 шықәсазы аусура иалагараны иӡбан.

Ажәабжьқәа зегьы
0