Бжьаниа: Урыстәылеи Аԥсни рырратә еинырра актуалра аҵоуп

© Foto / Сайт Президента Республики Абхазия ПРЕЗИДЕНТ АСЛАН БЖАНИЯ ПОСЕТИЛ ПОДРАЗДЕЛЕНИЯ МИНИСТЕРСТВА ОБОРОНЫ, РАСПОЛОЖЕННЫЕ В ВОСТОЧНОЙ АБХАЗИИ
ПРЕЗИДЕНТ АСЛАН БЖАНИЯ ПОСЕТИЛ ПОДРАЗДЕЛЕНИЯ МИНИСТЕРСТВА ОБОРОНЫ, РАСПОЛОЖЕННЫЕ В ВОСТОЧНОЙ АБХАЗИИ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада, Ар ркомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа ишьақәирӷәӷәеит аӡынратә аррамаҵзурауаа рморал-ԥсихологиатә зыҟаҵара аплан ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рырратә еинырра актуалра аҵоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспублика Атәылахьчара аминистрра аҟәшақәа рахь иинспекциатә ныҟәара аихшьаалақәа аныҟаиҵа ашьҭахь. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофицалтә саит.

Атәыла ахада Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба дицны дырҭааит Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу Атәылахьчара аминистрра аҟәшақәа.

Бжьаниа ахәшьара бзиа аиҭеит арратә мчрақәа разыҟаҵара.

"Убри аан ҳара ҳреалистцәазароуп, зыӡбра аҭаху апроблемақәа ҳрылацәажәалароуп. Аԥсны акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭаны арратә шәарҭадара азҵаарақәа аԥыжәара раҳҭалароуп. Урыстәылеи Аԥсни рырратә еинырра актуалра аҵоуп. Сара хаҭала ар рҿы аҭагылазаашьа шыҟоу збар акәын. Асеиԥш иҟоу аныҟәарақәа ԥхьаҟагьы имҩаԥгахалоит", - иҳәеит атәыла ахада.

Бжьаниа иара убасгьы ибеит аруаа рмаҵзура ахьырхырго аҭагылазаашьақәа, архәҭақәа рматериал-техникатә еиқәыршәара.

Бжьаниа даҭааит аполигон "Нагвалоу", Аԥсны арратә мчрақәеи урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база аруааи рхы еицадырхәо.

Ажәабжьқәа зегьы
0