Аԥсны ААР Керч иҭахаз рыуацәеи-рҭынхацәеи рышьақәыргылара иаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМвд Абхазии
Мвд Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусурақәа ирылархәуп ареспублика араион аҿтәи ацуҭа милициа. Дара Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз рыуацәеи-рҭынхацәеи рыԥшаара иаҿуп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраара ҟанаҵоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз рыԥшаараҿы, жәларбжьаратәи арра-патриоттә проект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект анапхгаҩы Григори Скворцов.

Апроект Ахьӡ архынҳәра Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Чечентәылатәи аибашьцәа рыԥсыжырҭақәа шьақәдыргылеит

Скворцов иҳәеит уаанӡа Аԥсны ААР ахь ацхыраара дшаҳәаз 1942 шықәса рзы Керч азы аибашьраан иҭахаз ргәакьацәа рыԥшааразы.

Григори Скворцов Аԥснытәи аибашьцәа 78-ҩык, Керч ахақәиҭразы иҭахаз, рыӡбахә далацәажәеит. Дара рлахьынҵа еилкаахеит 2019 шықәсазы Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшкомандаҟаҵаратә ҵараиурҭеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудентцәеи 64 нызқь архивтә материал аус анрыдыруыла ашьҭахь.

"Апроект иҭнаҵаауеит аконцлагерқәа рытҟәацәа рлахьынҵа, аха Керч азы аибашьраан иҭахаз рҭаҳцәа ҳадҵаалара ианалага уигьы напалаҳкит. Керчтәи аибашьрақәа ирылахәыз рацәаҩӡан",- еиҭеиҳәоит Скворцов.

Ишеилкаахаз ала Аԥснынтә уахь 1942 шықәса ажьырныҳәамзазы инашьҭын ажәыларатә десант №2.

"Абатальон иалан Лыхны ақыҭантәи атракторныҟәцаҩцәа рыбригада шеибакыз. Џьарак еицеибашьуан Керч амҵаны. Шамахамзар зегь аӷа имацәаз иҭашәеит", - иҳәоит иара.

Владимир Занҭариа  - Sputnik Аҧсны
Арадио
Занҭариа апроект "Ахьӡ архынҳәра" азы: ҳахаҵгылароуп, аҿар алаҳааӡароуп

Григори Скворцов иҳәеит 2021 шықәса, ааԥынразы ишазыԥхьагәаҭоу Керчтәи адгьылбжьаха Ленинтә араион ақыҭа Батальное аҿы агәалашәаратә дырга ақәыргылара. Арҭ аҭыԥқәа рҿоуп аԥснытәи аибашьцәагьы ахьҭахаз.

"Ари аҭыԥ аҿоуп Аԥснытәи аибашьцәа хыԥхьаӡара рацәала иахьеицҭахаз. Аԥсны ААР аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп иҟарҵо ацхырааразы", - иҳәеит иара.

Иахьазы 19 ҭаацәара шьақәыргылоуп, зҭахцәа Керч иҭахаз ҳәа иҳәоит Скворцов.

"Аԥсуа милаҭтә ҟазшьақәа иреиуоуп ииасхьоу рхамшҭра. Уи ус шакәу аҽазныкгьы ишьақәырӷәӷәоуп" ҳәа иҳәеит иара.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы ирҳәеит аԥшьгамҭа ишадгылоу.

Аусурақәа ирылархәуп ареспублика араион аҿтәи ацуҭа милициа. Дара Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз рыуацәеи-рҭынхацәеи рыԥшаара иаҿуп.

Аԥшаарақәа шымҩаԥысуазы аинформациа адырра ҟалоит Аԥсны ААР асаит аҿы, аминистрра асоциалтә ҳатә даҟьақәа рҿы. Иҭахаз рҭаҳцәа анырыԥшаалак ашьҭахь дара ирыҭахоит архивтә документқәа.

Азеиԥштәылауаҩтә ԥшьгамҭа "Ахьӡ архынҳәра" анемец фашист концлагерқәа рҿы иҭахаз рыԥшаара иазырхоуп, ацхыраара рнаҭоит зыуа-зҭахы рыԥшаара иашьҭоу. Апроект амҩаԥгара иалахәуп Аԥсны Атәылахьчара аминистрра.

Ажәабжьқәа зегьы
0