Бжьаниа Урыстәылантәи алашара аиуразы: аиқәшаҳаҭхара алыршоуп

© Sputnik Линии Электропроводов
Линии Электропроводов  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аенергетика аминистрраҿы имҩаԥысуаз аицәажәарақәа рышьҭахь урыстәылатәи аган ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсныҟа афымцалашара аужьразы атехникатә ҭагылааашьақәа шыҟоу.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4– Sputnik. Урыстәылантәи алашара аиуразы аиқәшаҳаҭхара алыршоуп ҳәа иҳәеит ԥхынҷкәын 3 рзы имҩаԥысыз Ауаажәларратә палата аилатәараҿы атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Абри атәы аанацҳауеит Абаза ТВ.

"Иҟоуп еиуеиԥшым адетальқәа. Иацы иааны иҟан аҟазауаа, ЕгрыГЕС иаҭааит. Аӡы аҩаӡара гәарҭон. Иҟоуп ишьақәырӷәӷәатәу амаҷ-саҷ. Урҭ рыӡбара алыршахоит",- иҳәеит ахада.

Премьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл встречу с генеральным директором РУП «Черноморэнерго» Михаилом Логуа - Sputnik Аҧсны
Логәуа: аенергетика апроблема аӡбразы ԥшь-миллиардк рҟынӡа аҭаххоит

Амаинингтә ҭагылазаашьа далацәажәо ахада иазгәеиҭеит, активла аусурақәа шцо амаининг фермақәа рышьақәыргыларазы. Убри аан иҳәеит изхатәу рыԥшаара шыуадаҩу, избанзар дара рыхьӡала аҽа џьоукы шықәгыло.

"Зны-зынла аферма аӡә ихьӡала иҭаҩуп, аха убри аан иаԥшәмаҵәҟьоу аҽа џьоукуп", - иҳәеит иара.

Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик алагалан абҵара 15 рзы. Аханатә ҩба-ҩба сааҭ хынтә идырцәон. Абҵара 21 рзы ари аамҭа ԥшь-сааҭк рҟынӡа иларҟәын. Аԥсны афымцалашара арцәара аамҭа ԥшь-сааҭк рҟынтәи ҩ-сааҭк рҟынӡа иркьаҿын абҵара 26 инаркны.

Атәыла афымцамч система аидара аҵхра алыршахеит закәаншьаҭада ацәаҳәақәа рҽахьаԥыршьуаз аҭыԥқәа раарԥшра.

Ажәабжьқәа зегьы
0