Аԥсны даҽа 87-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОценка эффективности вакцины Sputnik V в лаборатории "Гемотест"
Оценка эффективности вакцины Sputnik V в лаборатории Гемотест - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 482-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 87-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы аԥсҭбарақәа ҩба ҟалеит, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара далҵит 1949 шықәсазы ииз апациент. Лара акоронавирустә инфекциеи ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи лыманы ахәышәтәырҭа дҭашәеит ԥхынҷкәын 2 рзы. Иақәнагаз атерапиа шылзмҩаԥыргозгьы, лыдунеи лыԥсахит ԥхынҷкәын 3 рзы, шьыбжьон.

Иԥсҭазаара далҵит 1957 шықәса рзы ииз даҽа пациентк. Ахаҵа ахәышәтәырҭа дҭашәеит абҵара 25 рзы акоронавирус ицәа иаланы. Изымҩаԥыргоз атерапиа иахьмырԥшкәа, апациент иԥсҭазаара далҵит ԥхынҷкәын 4 рзы, ашьыжь.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 102-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә 89-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәырӷәӷәоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 20-ҩык, ибжьаратәуп - 33-ҩык. Ахәышәтәырҭа илҩаауп ааҩык апациентцәа.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит 35-ҩык апациентцәа.

Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 40-ҩык апациентцәа. 36-ҩык рҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, ԥшьҩык рҭагылазаашьа бааԥсуп.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6400-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 4498-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 86-ҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>

Ажәабжьқәа зегьы
0