Аҟәа ақалақь зегьы фымцалашарала еиқәыршәоуп

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭлектрическая подстанция "МРСК Сибири" в Кемерово.
Электрическая подстанция МРСК Сибири в Кемерово. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афымцамч аусзуҩцәа хымшуп астанциа маҷ Аҟәа - 1 аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирҿыижьҭеи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Аҟәа ақалақь зегьы фымцалашарала еиқәыршәоуп, макьаназы алашара ыҟам Иашҭхәа ақыҭаҿы ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҿтәи адаҟьаҿы. Авариа аҭыԥ ақәҵаразы уажәыгьы аусурақәа цоит.

Ԥхынҷкәын 7 рзы алашара аушьҭразы амчратә трансформатор ахархәагақәа аҿаҵан.

Астанциа маҷ Аҟәа - 1 аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи мраҭашәаратәи ахәҭеи Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

Амца ахы ыҵнахит 33-тәи афидер (аихшарҭатә цәаҳәа – аз..) "Иашҭхәа " аҿы. Амцакра иахҟьаны иблит 16 фидер, асекциатәқәа ҩбеи алагалатәиқәа ԥшьбеи. Авариа ахьыҟалаз инашьҭын АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы, араионтә филиалқәа русуҩцәагьы налаҵаны.

Ремонт на ПС Сухум-1  - Sputnik Аҧсны
Аамҭалатәи амаҭәахә ықәдыргылоит амцакра ахьыҟалаз афымцеихшарҭаҟны

Ԥхынҷкәын 5 рзы аенергетикцәа аамҭалатәи ахархәагақәа рмонтаж иалагеит, аусурақәа рымҩаԥгара алыршаразы. Абылра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит аекономикаа министр Кристина Озганԥҳа АУН адиректор хада Михаил Логәуа.

"Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, ԥхынҷкәын 5 рзы иазгәаҭахеит авариа аԥыхра аамҭа. Иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны, ҩымчыбжь ишадхало атәы ҳәан. Абри аамҭазы алашара ауааԥсыра ирзынашьҭхалоит авариатә схемала.

Ԥхынҷкәын 5 рзы Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал иҳәеит Ажәытә ҳаблаҿ, аҿкрачымазаратә хәышәтәырҭаҿ, ачазауад аҿы афымца роуа ишыҟаҵаз. Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иара иҳәеит дшақәгәыӷуа ԥхынҷкәын 6 рзы егьырҭ Аҟәа араионқәа рахь алашара анеира алшартә иҟалап ҳәа.

Ахархәага ҿыц амонтаж аҟаҵаразы аусурақәа мҩаԥысуеит х-сменакны, уахи-ҽни. Макьаназы ақалақь ахы-аҵыхәа лашарала ишахәҭоу еиԥш инхарҭәааны аҟаҵара рылшом.

Астанциа маҷ Аҟәа - 1 аҟны амцакра зыхҟьаз ари аобиект иақәу афымцеидареи уи ахьажәуи ауп иҳәеит Џьынџьал.

Ауха аусзуҩцәа абылра ахьыҟалаз ахыбра зегьы ҭадырцәит.

Лампочки  - Sputnik Аҧсны
Афымцамчусзуҩцәа Аҟәа аиҳарак алашара ахәылбыҽха иҟалоит ҳәа иақәгәыӷуеит

Амҽыша ԥхынҷкәын 6 асааҭ 14:00 рзы астанциа маҷ Аҟәа-1 аҟынтәи идәылыргаз амыругақәа еимырхит, иҭадырцәит жәа-киловаттк иҟоу афымцеихшараҭақәа рзы аҭыԥ.

Асааҭ 17:30 рзы арҭ афымцеихшарҭақәа реиԥшьра, амыруга ҿыцқәа рышьақәыргылара иалагеит, афымцацәаҳәақәа аҿаԥшьны анаҩс урҭ рыла афымцалашара аушьҭразы.

Асааҭ 21:00 рзеиԥш, Ҭемыр Џьынџьал иажәақәа рыла, астанциа маҷ амчхара азҭо арелеитә хьчагақәа русура шьақәыргылан. Акабельтә фидерқәа хәба аусура иаларган.

Асааҭ 22:20 рзеиԥш амыруга ҿыцқәа зегьы шьақәыргылан, аҵыхәтәантәи атехникатә гәаҭарақәа ирхысуан. 

Астанциа маҷ Аҟәа-1 аиҭашьақәыргылара Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа иалан. Амыругақәа аахәан Чебоксарқәа рҿы иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0