Аҟәатәи астанциа маҷ аҿы амашәыр аан ааха зауз Краснодарҟа днаргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина скорой помощи
Машина скорой помощи  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраан ԥхынҷкәын 6 рзы ааха иоуит АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ, иара аток исит, уи ашьҭахь иаразнак ахәышәтәырҭахь днаган.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы амашәыр аан ааха зауз АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ Краснодарҟа дыргеит иҳәеит Ареспубликатә унитартә наплакы аиҳабы Михаил Логәуа.

"Иаха асааҭ аказы ҵхагәаны "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ Аԥснынтәи Краснодарҟа ддәықәҵан, уажәы уа иаҭаху ахәышәтәра дахысуеит. Иҭагылазаашьа уадаҩуп. Иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп ҳара ҳҳақьымцәагьы. Иаарласны игәабзиара шьақәгыларц изеиӷьаҳшьоит. Уи азы анцәа ҳиҳәалоит", - иҳәеит иара.

Иара убас Логәуа адырра ҟаиҵеит иҟалаз амашәыр зыхҟьаз аҭагылазаашьа ҭырҵаараны ишыҟоу, амаҵзуратә гәаҭара шымҩаԥырго.

"Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ аток исит Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраан амҽыша ԥхынҷкәын 6 рзы.

Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Аҟәа ахәҭак ҩаԥхьа фымцалашарада иаанхеит

Астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

Амца ахы ыҵнахит 33-тәи афидер (аихшарҭатә цәаҳәа – аз..) "Иашҭхәа " аҿы. Амцакра иахҟьаны иблит 16 фидер, асекциатәқәа ҩбеи алагалатәиқәа ԥшьбеи. Авариа ахьыҟалаз инашьҭын АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы, араионтә филиалқәа русуҩцәагьы налаҵаны.

Уи аҽныҵәҟьа аенергетикцәа аамҭалатәи ахархәагақәа рмонтаж иалагеит, аусурақәа рымҩаԥгара алыршаразы.

Иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы 2-3- мчыбжьы ишадхало атәы ҳәан. Абри аамҭазы алашара ауааԥсыра ирзынашьҭхалоит авариатә схемала.

Ԥхынҷкәын 5 рзы Аҟәатәи афымцеихшарҭатә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал иҳәеит Ажәытә ҳаблаҿ, аҿкрачымазаратә хәышәтәырҭаҿ, ачазауад аҿы афымца роуа ишыҟаҵаз. Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз иара иҳәеит дшақәгәыӷуа ԥхынҷкәын 6 рзы егьырҭ Аҟәа араионқәа рахь алашара анеира алшартә иҟалап ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0