Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы авариа ахҟьаԥҟьақәа аԥызхуаз агәазҭаҵарақәа рыҭахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа хымшуп астанциа маҷ "АҞӘА-1" аҟны авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуижьҭеи.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 - Sputnik. Астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҟны авариа ахҟьаԥҟьақәа аԥызхуаз аԥаратә гәазҭаҵарақәа рыҭахоит ҳәа иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" анапхгаҩы Михаил Логәуа абрифинг аҿы ԥхынҷкәын 7 рзы.

Иара иазгәеиҭеит арахь ишаагаз анаплакы аусзуҩцәа зегьы. Уи ишалнаршаз ҩымш рыла ауааԥсыра алашара рзынашьҭра. Асеиԥш иҟоу зымҽхак ҭбаау аусурақәа раан жәамш рҟынӡа аҭаххаргьы ҟалон ҳәа иҳәеит анапхгаҩы.

Астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" Аҟәа алашара аамҭа-аамҭала арцәара аграфик азышьақәыргылаӡом

Амца ахы ыҵнахит 33-тәи афидер (аихшарҭатә цәаҳәа – азгә.) "Иашҭхәа" аҿы. Амцакра иахҟьаны иблит 16 фидер, асекциатәқәа ҩбеи алагалатәиқәа ԥшьбеи. Авариа ахьыҟалаз инашьҭын АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы, араионтә филиалқәа русуҩцәагьы налаҵаны.

Уи аҽныҵәҟьа аенергетикцәа аамҭалатәи ахархәагақәа рмонтаж иалагеит, аусурақәа рымҩаԥгара алыршаразы. Уахь инеины иҟан аекономика аминистр Кристина Озганԥҳаи АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи.

Иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы 2-3 мчыбжьы ишадхало атәы ҳәан. Абри аамҭазы алашара ауааԥсыра ирзынашьҭхалоит авариатә схемала.

"Аҟәа - 1" ареконструкциа Аинвестициатә программа иалан. Ахархәагақәа аахәан ақалақь Чебоксары аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0