Аԥсны иаатит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига"

© Sputnik / Томас ТхайцукМеждународный футбольный турнир - Дружба народов
Международный футбольный турнир - Дружба народов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига" мҩаԥысуеит Аԥсны, ԥхынҷкәын 8-12 рзы. Атурнир иалахәуп хә-командак.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига" аартын Аҟәатәи астадион "Динамо" аҿы ԥхынҷкәын 8 рзы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иаатит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига"
Аԥсны иаатит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир Аешьаратә жәлар р-Лига  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иаатит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига"

Атурнир иалахәуп: Лугансктәи жәлар рреспублика "Восток-Уголь", Аԥсны иҟоу абыжьбатәи арратә база, Аԥснытәи акомандақәа– Рица-2" (Гәдоуҭа) "Гагра", "Динамо" (Аҟәа). Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз ишиҳәо ала ДЖәР ркомандагь алахәхара иазыԥшын, аха фҩык ахәмарҩыцәа акоронавирус рыхьит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иаатит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига"
Аԥсны иаатит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир Аешьаратә жәлар р-Лига  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иаатит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига"

"Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит аҿар рзы. Еицырдыруа чемпионцәаны иҟамларгьы џьара акы рнапы алакызаауеит, адәы иацәыхьчахоит. Жәларбжьаратәи атурнирқәа аҿар рзы акыр рыҵаркуеит", - иҳәеит Гәбаз.

Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига" раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит Аԥсны, аха Гәбаз ишиҳәаз ала ҽааны Нхыҵ Кавказ акомандақәагьы алархәны имҩаԥгахоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иаатит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига"
Аԥсны иаатит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир Аешьаратә жәлар р-Лига  - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иаатит Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига"

Актәи ахәмарра мҩаԥысит "Рица-2" – "Восток-Уголь" рыбжьара. Аиааира ргеит Лугансктәи акоманда ахәмарыҩцәа: 3:1. Атурнир афинал мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 12 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0