Аҟәа афымцалашара ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк идырцәалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иааидкыланы арҭ амшқәа рзы Аҟәа алашара дырцәалоит 12 сааҭ. Абри аҩыза аграфик аус аулоит астанциа маҷ "Аҟәа-1" атрансформаторқәа зегьы ахархәара рыҭахаанӡа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҟәа афымцалашара ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк идырцәалоит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.

Иааидкыланы арҭ амшқәа рзы Аҟәа алашара дырцәалоит 12 сааҭ. Абри аҩыза аграфик аус аулоит астанциа маҷ "Аҟәа-1" атрансформаторқәа зегьы ахархәара рыҭахаанӡа. Уаанӡа АУН аҿы ирҳәон ишьақәыргылоу графикк ала аус шырзымуа атәы.

""Аҟәа-1" аидара ахәҭак ыиагоуп "Аҟәа-2" ахь. Асеиԥш иҟазаауеит астанциа маҷ "Аҟәа-1" атрансформаторқәа зегьы ахархәара рыҭахаанӡа. Уажәазы урҭ рыбжак аусура иалагахьеит, иаанхаз ҳарҿуп. Зегьы ишахәҭоу ианыҟалалак "Аҟәа-2" зҵоу аидара иаҵхны уаанӡатәи аграфик ҳазыхынҳәуеит", - ҳәа рҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.

Анаплакы амаинингтә фермақәа раҿыхразы аусурақәа ирҿуп. АУН аҿы ишырҳәо ала, иацы Аҟәа араион Ачадара ақыҭан х-маининг фермак афымцатә ҳа иаҿыхын.

Премьер-министр Республики Абхазия Александр Анкваб провёл встречу с генеральным директором РУП «Черноморэнерго» Михаилом Логуа - Sputnik Аҧсны
Логәуа: аенергетика апроблема аӡбразы ԥшь-миллиардк рҟынӡа аҭаххоит

"Аҿыхра мацара акәым, иаҿаԥҟан. Ари иаразнакы асистема еиҳа ишҭанарцәыз ҳнарбеит. Аусурақәа цоит. Уажәшьҭа Иашҭхәа аҿаҳкуеит. Аҳақәа аидара рықәлар афидер апломба аархара акәым, иаҿахаҳҵәалоит", - ҳәа рҳәеит анаплакы аҿы.

Астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

Авариа ахьыҟалаз инашьҭын АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы, араионтә филиалқәа русуҩцәагьы налаҵаны.

Уи аҽныҵәҟьа аенергетикцәа аамҭалатәи ахархәагақәа рмонтаж иалагеит, аусурақәа рымҩаԥгара алыршаразы. Иҟоу ауадаҩрақәа ҳасаб рзуны, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы 2-3- мчыбжьы ишадхало атәы ҳәан. Абри аамҭазы алашара ауааԥсыра ирзынашьҭхалоит авариатә схемала.

Ажәабжьқәа зегьы
0