Алашара арцәаразы аграфик ҿыц ахьалагалоу Аҟәа ахәҭақәа арбақәан рҳәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтно-восстановительные работы на подстанции "Сухум-1"
Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы иҟалаз абылра ашьҭахь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа амҩаԥысра иаҿуп, уажәазы иҟоу адыррала, урҭ 2-3 мчыбжьы ирыдхалоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 – Sputnik. Ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк ҳәа алашара арцәара аграфик ҿыц алагалоуп Аҟәа агәы аиҳарак, Алашарбага аҳабла, "Колос" аҟынтәи Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа иаҵанакуа араионқәа рҿы, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал.

Иара иажәақәа рыла, ари аамҭалатәи лагалароуп, уаанӡеиԥш афымцалашара ауаа рыҭара иалагоит астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь.

"Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы иҟалаз амцакраан иблит 25 нызқь киловатт иҟаз атрансформатор. Зынӡа астанциаҿы аус руан ҩ-трансформаторк, уажәы акоуп ари аҩыза амчхара аманы аус зуа. Ҳара ҩба-ҩба сааҭ алашара арцәара ада ԥсыхәа ҳамамызт, избанзар убри аҟара иадамхаргьы ауаа ироуртә иҟаҳҵар акәын. Аха уи ақалақь зегь аҿакәӡам, астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟынтәи афымцалашара зауа ахархәаҩцәеи Алашарбага араиони рҿоуп, избанзар уи атрансформатор аидара ӷәӷәа иаҵоуп", - иҳәеит Џьынџьал.

Иара изымҳәеит ари аҩыза аҭагылазаашьа ахьынӡаҟазаауа.

"Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны атрансформатор уаанӡа аус шауаз еиԥш иалаҳаргаанӡа, ари аҩыза аграфик аус аулар ауп. Макьана аҿҳәарақәа ртәы сзыҳәом, раԥхьатәи алҵшәақәа асабша-амҽыша иҟалароуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Џьынџьал иажәақәа рыла, егьырҭ Аҟәа астанциа маҷқәа рҟынгьы абылра ҟалар ауеит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп.

Ремонтно-восстановительные работы на подстанции Сухум-1 - Sputnik Аҧсны
Аҟәа афымцалашара ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк идырцәалоит

"Астанциа маҷқәа "Аҟәа-2",  "Синоп" рҟны акапиталтә ремонт мҩаԥаагахьеит, амыруга ҿыцқәа шьақәыргылоуп. Егьырҭ зегьы 1970-80-тәи ашықәсқәа раан иргылақәаз роуп. Уаҟагьы уажәы ҳзықәшәаз аҭагылазаашьа ҟалар ауеит", - иҳәеит иара.

Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы иазгәеиҭеит уаанӡа иҟаз аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик аҩыза макьана ишзазымхынҳәуа, уи азы атехникатә лшарақәа шыҟам. Уажәы иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы аусбарҭа аусзуҩцәа ашьыжь асааҭ ааба инаркны ҵхыбжьонынӡа аус руеит, аҟәшақәа зегьы ари аус рнапы алакуп ҳәа инаҵишьит Џьынџьал.

Астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.

Авариа ахьыҟалаз инашьҭын АУН "Амшынеиқәафымцамч" амчқәа зегьы, араионтә филиалқәа русуҩцәагьы налаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0