Игәыҭбаара ҳәаа амамызт: асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаитан игәалашәаразы

© Foto / Ибрагим Чкадуа Тимур Кайтан
Тимур Кайтан  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асахьаҭыхыҩ, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, аскульптор, аграфик, Аҟәа агерб автор Ҭемыр Ҟаитан иԥсҭазаара далҵит 59 шықәса дшырҭагылаз.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik, Илана Амқәабԥҳа. Ҭемыр Ҟаитан акраамҭа акоронавирустә чымазара ҿкы даҿагыланы дықәԥон. Асахьаҭыхыҩ иԥсҭазаареи, иусуреи, аҳҭнықалақь ахь имаз абзиабареи ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Аҟәаа гәалсра дула ирыдыркылеит аҳҭнықалақь асахьаҭыхыҩ хада Ҭемыр Ҟаитан иԥсҭазаара иалҵра.

"Даара згәы ҭбааз уаҩын. Агәыҭбаа ма иумоуп ма иумам. Амала иумазар – иҳәаадоуп", - иҳәеит Ҭемыр Ҟаитан дихцәажәо ашәҟәыҩҩы Ричард Ҷкадуа.

Ричард акыршықәса Ҭемыр дидыруан, аусгьы еицырухьан. Ҭемыр Ричард ишәҟәқәа изныкымкәа аиллиустрациақәа рзыҟаиҵахьан. Ҷкадуа иҳәеит Ҭемыр Ҟаитан ирҿиара аӷьырак Аҟәа иазкын ҳәа. Иара иоуп асасааирҭа "Риҵа" ахыцә ареставрациа азызуз, амшын аԥшаҳәаҿы ишьҭоу апарк аҟны аӡыршәгьы иара инапкымҭоуп.

© Sputnik / Марианна Кубрава"Ӡызлан" захьӡу Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы игылоу аӡыршә давторуп асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаиҭан
Игәыҭбаара ҳәаа амамызт: асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаитан игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
"Ӡызлан" захьӡу Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы игылоу аӡыршә давторуп асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаиҭан

Ҷкадуа иажәақәа рыла, Ҭемыр иқалақь иԥсы алан.

"Иара убри аӡыршә ааигәара ҳаиқәшәалон. Дгылан дахәаԥшуан, ак азхом ҳәа хьаас иман. Иҟазараҿы зегь аҩаӡара ҳарак амазар иҭахын", - ҳәа иҳәоит Ричард Чкадуа.

Иаалырҟьаны Ҭемыр иԥсра гәалс духеит Ахра Бжьаниа изгьы. Facebook аҿтәи идаҟьаҿы Бжьаниа игәалашәарақәа аниҵеит.

© Foto / из личного архива Темура Кайтан Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа - Sputnik Аҧсны
1/5
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа
© Foto / из личного архива Темура КайтанҬемыр Ҟаитан иусумҭақәа
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа - Sputnik Аҧсны
2/5
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа
© Foto / из личного архива Темура КайтанҬемыр Ҟаитан иусумҭақәа
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа - Sputnik Аҧсны
3/5
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа
© Foto / из личного архива Темура КайтанҬемыр Ҟаитан иусумҭақәа
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа - Sputnik Аҧсны
4/5
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа
© Foto / из личного архива Темура КайтанҬемыр Ҟаитан иусумҭақәа
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа - Sputnik Аҧсны
5/5
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа
1/5
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа
2/5
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа
3/5
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа
4/5
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа
5/5
Ҭемыр Ҟаитан иусумҭақәа

"Иҳәа уашьуамызт, иуы уашьуамызт. Аџьа бзиа ибон. Аҭакԥхықәра ду змаз Ҭемыр дпатриотҵәҟьан. Еснагь дахьаҭахыз дыҟан. Ҳсахьаҭыхыҩцәа ҳаибашьраангьы акалашәа иналкааны рхы аадырԥшит. Ҭемыргьы ҳәарада убас", - ҳәа иҩуеит Ахра Бжьаниа.

Ахра иҳәоит Ҭемыр Аҟәа архитектура ахә ҳаракны ишишьоз. Даара хьаас иман архитектуратә баҟақәа акакала рықәӡаара.

"Ҭемыр Аҟәазы иҟаиҵаз рацәаӡоуп. Иуҳәар ауеит Аҟәа Ҭемыр исимволқәа ирықалақьуп ҳәа. Искульптурақәа, ибарельефқәа, ишрифтқәа, илоготипқәа, агерб – абарҭ зегьы иара инапы иҵхуп", - ҳәа иҳәоит Бжьаниа.

Ҭемыр Ҟаитан диит цәыббра 15, 1962 шықәсазы, Аҟәа. Чачба ихьӡ зху Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа далгеит (1978-1982), далгеит Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиа (1985–1989). Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәылан. Иусумҭақәа еиуеиԥшым ахатә коллекциақәа ирылоуп. Ҭемыр Ҟаитан - Аҟәа агерб давторуп, Гәдоуҭа игылоу Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыстела авторцәа дыруаӡәкуп, Амилаҭтә банк агәалашәаратә монетақәа жәпакы дравторуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0