Аҟәа афымцалашара арцәара иаҟәыҵыр ҟалоит ԥхынҷкәын 13 амш аҽеиҩшамҭаз

© Sputnik / Марина Лысцева / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛампочки накаливания.
Лампочки накаливания. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳҭнықалақь аиҳарак фымцалашарада иаанхеит ԥхынҷкәын 5 рзы астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны абылра аныҟала ашьҭахь.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа араионқәак рҟны ҭыԥ-ҭыԥла афымцалашара дырцәалоит амҽыша, ԥхынҷкәын 13 амш аҽеиҩнашаанӡа ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.

Уаанӡа адырра ҟарҵахьан астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны атрансформатортә мчхарақәа зегьы аусура ишаладыргаз.

"Раионқәак рҿы макьана арцәарақәа ҟалоит, избанзар аамҭалатәи асистемаҟынтәи есымша аус зуло ахь аиасра ҳаҿуп. Убри аҟнытә алашара макьана уаҵәы амш аҽеиҩнашаанӡа иҳарцәалар акәхоит, анаҩс аамҭа-аамҭалатәи афымцалашара арцәарақәа ҟалом", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны.

Абри атәы шьақәирӷәӷәеит "Амшынеиқәафымцамч" аоператив-техникатә усбарҭа аиҳабы Руслан Кәарҷиа, арадио Sputnik Аԥсны аефир аинтервиу анеиҭоз.

Энергетические объекты Крыма - Sputnik Аҧсны
"Амшынеиқәафымцамч" аплан анҭыҵ алашара арцәара зыхҟьо еиҭарҳәеит

"Ԥхынҷкәын 5 рзы иҟалаз амашәыр ахҟьаԥҟьақәа аԥыхуп, астанциа маҷ атрансформатортә мчхарақәа зегьы аҿакуп. Уаҵәы инаркны Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа ацәаҳәа ҿыцқәа аусура иаланаргоит, иҟоу амчхара еихнашоит. Абылра ҟалаанӡа иҟаз асхемахь ихынҳәуеит, убас ала алашара арцәарақәа аԥаҳхуеит", - иҳәеит иара.

Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 рзы. Убри иахҟьаны Аҟәа араионқәак мышқәак фымцалашарада иаанхеит.

Ахаша, ԥхынҷкәын 9 рзы еилкаахеит Аҟәа ахәҭак афымцалашара арцәара аграфик ҿыц шышьақәыргылоу, "Аҟәа-1" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цонаҵы.

Аграфик ҿыц инақәыршәаны ҩ-сааҭк рыбжьара ҩ-сааҭк ҳәа алашара дырцәалон Аҟәа агәы аиҳарак, Алашарбага аҳабла, "Колос" аҟынтәи Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа иаҵанакуа араионқәа рҿы.

Ԥхынҷкәын 11 инаркны аԥснытәи аенергосистема Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи афымцамч аиуа иалагеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0