Лаҭатәи атрагедиа иалаблыз: Наҭелла Кобахьиа-Ҳашбеи шықәсык зхыҵуаз лхәыҷи

© Foto / предоставлено семьей Погибшие в Латской трагедии Нателла Кобахия-Хашба с сыном и матерью
Погибшие в Латской трагедии Нателла Кобахия-Хашба с сыном и матерью - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан зегь реиҳа угәы ҿызкаауа, лаӷырӡышны, шьаарҵәыраны, хлымӡаахны иҟалеит Лаҭатәи атрагедиа ҳәа аҭоурых иазынхаз ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахәыҷқәеи, аҳәсеи, абыргцәеи зҭаз авертолиот ақырҭуа агрессор гыгшәыграла ианҭаирхаз амш.

Издыруада, ҳхәыҷқәеи ҳареи ҳхы ҳзыхьчозар ҳәа агәыӷра зманы Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иԥырраны иҟаз авертолиот иҭалаз 84-ҩык ауааԥсыра, иара убас аекипаж иалаз даҽа хҩык, наунагӡа, секундк ала иҿахҵәеит, иццышәхеит рыԥсҭазаара. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟан 8-ҩык ахшараиура иазыԥшыз аҳәса, 35-ҩык ахәыҷқәа. Шәы еиқәаҵәала иҭаҳәҳәаны, рнапы ргәыҵаԥсаны, рлахьынҵа иахьҵәыуо инатәеит зыԥсҭазаара ццышәхаз рыуа-рҭахы. Иҟаӡам ԥсыуа ҭаацәарак 1992-1993 шықәсқәа ирылагӡаны згәы змыхьыз, лаӷырӡык казымҭәаз.

Нанба-Амҷба Маринеи ҩыџьа лыхшара Гәындеи Беслани - Sputnik Аҧсны
Ажәҩан иалаблыз хыԥсҭазаарак рҭоурых

Наала Гәымԥҳа, Sputnik

Абри ахлымӡаах иалаӡыз иреиуоуп Лаҭа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Наҭелла Кобахьиа-Ҳашба лхәыҷи лареи. Наҭелла занааҭла дырҵаҩын, аус луан ԥақәашьтәи абжьаратә школ аҟны. Лыԥшәма Нодар Ҳашба унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәо уаҩуп.

Ҳашаа рҭаацәараҟны ирызҳауан ԥшьҩык ахшара: хҩык аишьцәеи раҳәшьа заҵә Царпица хәыҷи. Акыр шықәса иреиҵбыз хҩеишьцәа раҳәшьазаҵә илыхӡыӡаауан, рыԥсеиԥш бзиа дырбон. Анцәа ишиҳәара иҟан, аха арыцҳара ду рԥеиԥшзаарын.

Наҭелла лыԥҳа Царпица ԥхынҷкәын 13 рзыҳәан илхыҵит шықәсык, адырҩаҽны ԥхынҷкәын 14 рзыҳәан лыԥсҭазаара хәыҷы ҿахҵәараны иҟазаарын.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Зсахьаҵәҟьа нымхаз Елана: Лаҭатәи ахлымӡаах иалаӡыз асаби

Ԥақәашь усҟан ахысра ӷәӷәа цон, ан Наҭелла схәыҷы дсыхьчап ҳәа, мчыла иҭәыз авертолиот дҭалеит, Гәдоуҭаҟа лаҳәшьа лахь даарцаз. Уи амш хлымӡаах атәы лгәаларшәо, лашьа иԥшәмаԥҳәыс Инга Кәарҷиаԥҳа-Кобахьиа илгәалалыршәоит:

"Уи амш аҽны, сыҷкәын аиҳабы дсыманы Жәандәрыԥшь ақыҭаҟны сыҟан. Убраҟа иҳаҳаит авертолиот шҭахаз атәы, аха уаҟа Наҭелла лысабии лареи ҭатәан ҳәа ҳаҟазма. Лыԥшәма Ԥақәашь дыҟан. Авертолиот Гәдоуҭаҟа иԥрит ҳәа ҳзаарыцҳаит, аха араҟа имтәеит. Убасҟан ауп ианеилаҳкаа арыцҳара ду шаҳзаԥшыз. Сыԥшәмеи сабхәындеи иаразнак ицеит аԥсыбаҩ аԥшаара. Иццышәны ишьҭаз аԥсыбаҩқәа ирылаланы, раҳәшьеи раҳәшьаԥҳа хәыҷи рыԥшаауан... Дырбеит, лнапқәа лгәыдыҳәҳәала, ахәыҷы дылгәыҵакны... Аха ҽеилагьы еилурго, рҭыԥ иқәуҵо иҟазма... Аԥсыбаҩқәа ааганы Гәдоуҭа апарк аҟны аверталиот иҭаблыз анышә иахьамырдоз иамардеит", - иаҳзеиҭалҳәоит ахьаа ду зцу агәалашәарақәа Инга Кәарҷиаԥҳа-Кобахьиа.

Наҭелла лашьцәа Баҭали Асҭамыри излаԥшыз ахлымӡаах ргәабзиара уи ашьҭахь ианыԥшит. Аха зегьы акоуп, аибашьра аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа абџьар кны еибашьуан. Баҭал Кобахьиа Аԥсны афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп, Асҭамыр Леон иорден ианашьоуп.

Марина Зарандиаԥҳаи уи лԥацәа Адгәыри Дениси - Sputnik Аҧсны
Инга Зарандиаԥҳа: Лаҭатәи ахлымӡаах - имӷьо сыхәра ауп

Наҭелла лԥацәа - аишьцәа: Алхас, Ҭемыр, Демур Ҳашаа аӡәк еиԥш еидгыланы еибашьуан. Аибашьра ианалага ашықәс азы аишьцәа реиҳабы Алхас аҵара иҵон Ленинград ақалақь аҟны, Иреиҳаӡоу арратә училишье 3-тәи акурс дастудентын. Аибашьра шалагаз анеиликаа, иҵара ааныжьны иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит, абџьар даҵагылоит. Дҭахоит ианвартәи ажәылараҟны, ианашьоуп Леон иорден.

"Алхас рыцҳа хәымш Ешыра дышьны дышьҭан. Ақырҭцәа иԥсыбаҩ ҳарҭомызт, сыԥшәма хыхь дықәтәаны, абинокль ала дихәаԥшуан, дрымбакэа џьара дыргар ҳәа дшәаны. Афымш раан иԥсыз ақырҭуа дрыҭаны, Алхас рыцҳа иԥсыбаҩ рымырхит. Иаб игәараҭа Ԥақәашьҟа дырзымгеит, ианшьцәа ргәараҭа Лыхны анышә дамардоит", - ҳәа лҳәоит Инга.

Наҭелла лан аибашьра ианалагаз амш аҽны Аҟәа дыҟан. Жәабранмзанӡа дзалымҵит. Лааигәа дынхон Кобахьиаа рҭаацәара иазааигәаз ԥҳәыск. Ақырҭцәа рхабар анылбалак ,"уи дызцәажәаӡом, дычмазаҩуп" ҳәа ижьаны илышьҭуан. Жәабранмзазы илулак Аҟәа далҵны лыҩныҟа, Лыхныҟа даауеит. Аха дзынианы дыҟаз агәаҟра атәы лыздыруамызт.

Военные карикатуры Гарри Дочия - Sputnik Аҧсны
Амш еиқәаҵәа

"Аиашазыҳәан, аҳәарагьы сцәыуадаҩуп, - ҳәа дналагоит уи лаара атәы лгәаларшәо лҭаца. - Санхәа рыцҳа агәар дааҭалеит, дызбаз агәылацәа рылахь еиқәышьшьы илԥылеит. "Иҟалазеи" ҳәа лгәы нҭыԥсааит, аха ацәгьара агәра лгар лҭахымызт, ишлыдышшылозгьы. Аҩны данааҩнала, иқәгылаз лмаҭа Алхас ипатреҭ лылаԥш нақәшәеит. "Унан, с-Хасик иоума!" лҳәан, дныҩнаҳәҳәеит. Игылаз зегьы ҳгәы нҭӡыӡааит. Нас ҳәашьас иаҳҭарызеи лыԥҳаи лмаҭа хәыҷгьи рҭахара атәы", - лгәалашәара хьанҭақәа ҳамалдоит лҭаца Инга Кәарҷиаԥҳа-Кобахьиа.

Ан рыцҳа, ишаалаҳаз еиԥш, дынрымпыҵаҳаит, хымыз дзымцәажәо, дзымгыло аиарҭа даман. Анаҩстәи лыԥсҭазаара зегьы илыцәҭахаз рыхьыӡ шылҳәоз илхылгеит. Дара рыда аԥсҭазаара лхы ахылбаауан лҳәоит Инга.

Наҭелла Кобахьиаԥҳа-Ҳашба егьырҭ лыҩԥацәа Ҭемыри Демури еибашьит аҵыхәтәанынӡа, рыҩџьагьы иаадырԥшыз агәымшәаразы Леон иорден ранашьоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0